Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи ар Украина РСЗО 13 взвод ҭадырхеит

Урыстәылатәи ар Украина аҵакыраҿы арратә ргыларақәа аахақәа рырҭоит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 22 - Sputnik. Урыстәылатәи ар Украина ареактивтә системақәа 13 взвод ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.

"Мцабзла артиллериа ақәгара аҳәаақәа ирҭагӡаны Острое, Горняк, Кодема, Дзержинск, Калиново, Зорианое, Дмитров, Новолуганск, Новгородское, Ленинское рҿы иҭархоуп Украина ареактивтә системақәа 13 взвод, иара убасгьы Николаевсктәи аобласт иатәу аиланхарҭақәа Степнаиа Долина, Спартак, Подгорное, Николаевка, Ленинское, Заицево, Семигорье, Дзержинск рҿы артиллериатә взводқәа жәаба", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Уи адагьы ДЖәР аҵакыраҿы иҭархоуп америкатәи аҭыжьымҭа AN-TPQ - артиллериатә ԥшыхәра станциа.
Аоператив-тактикатә авиациа уахыки-ҽнаки рыла аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа хәба, азенит-ракетатә комплекс "Бук-М1", ари атехникеи ааха рнаҭеит.
Аракетатә ари артиллериеи ааха рырҭеит ари атехникеи ргыларҭақәа 253, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа фба, Николаев ақалақь аҿы абылтәы терминал.
Уахыки-ҽнаки рыла иҭархоуп 620-ҩык амилаҭеилыхыҩцәеи 24 танки егьырҭ акәылӡмашьынақәеи, 27 автомашьына ҷыда.
Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа икарыжьит аҳаирплан Су-25, авертолет МиГ-29, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 16. Иаанкылоуп украинатәи абаллистикатә ракетақә "Точка-У" (хԥа) ХарковтәииХерсонтәи аобластқәа рҿы, 14 реактивтә хгәыцә ДжәРи, ЛжәРи, Харковтәи аобласти рҿы.