Аԥсны

Жәлар Реизара аекспорттә кредит ашәара аҿҳәара иацнаҵеит

Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩын 2010 шықәса ԥхынҷкәын 24 азы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 22 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа ахԥатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала ирыдыркылеит Аԥсни Урыстәылеи реиҳабыра рыбжьара ареспублика аҳәынҭқарратә аекспорттә кредит аҭаразы аиқәшаҳаҭра аԥсахрақәа рыпроект.

Апарламент аилатәараҿы ажәадгала ҟаҵан ауал ашәара аамҭа 2034 шықәсанӡа инахазарц. Иара апроцентқәа мԥхьаӡакәа 1,2 миллиард мааҭ артәоит.

Апарламент аҿы атәыла ахада ихаҭарнак Наҭелла Ломиаԥҳа лажәақәа рыла 2017 шықәсазгьы ауал ашәара аҿҳәара инахахьан 2029 шықәсанӡа.
Аԥсны
Аԥсны Апарламент актәи аԥхьарала азакәан "Акурорттә еизгараз" амчра ыӡит ҳәа азханаҵеит