Аԥсны

Аконцлагерқәа ирҭаз Аԥсны атәылауаа ирызку афильм НТВ аҿы иддырбеит

Урыстәылатәи ателехәаԥшраҿы афильм рбеит 36 нызқьҩык инареиҳаны ахәаԥшцәа.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 23 - Sputnik. Урыстәылатәи ателеканал НТВ аҿы раԥхьаӡа акәны иддырбеит аконцентрациатә лагерқәа рҿы иҭакыз Аԥсны иалҵыз ауааԥсыра ирызку адокументалтә фильм "Поиск".
"Иахьа ҳара иаҳзаарышьҭит афильм шаҟаҩы ирбаз атәы зҳәо ареитинг - 36 нызқьҩык. Уи адагьы, НТВ иатәу ателеканалқәа рпакет аҿгьы иднарбоит. Ҳара еихьӡара дууп ҳәа иҳаԥхьаӡоит Аԥсны аӡбахә абас ала ауаа рылаҵәара ахьалшаз", - иҳәеит арра-мемориалтә проект "Ахьӡ архынҳәра" автор, анапхгаҩы, афильм ацавтор Григори Скворцов.
Афильм арежиссиор Дмитри Статеинов еиҭеиҳәеит "Поиск" егьырҭ урыстәылатәи ахәаԥшырҭақәа рҿы иддырбар шалшо.
"Москва даҽа ҩыџьара иддырбарц аицәажәарақәа ҳамоуп. Афильм аудиториа ибзианы ирыдыркылеит, Питер ианадҳарбаз ашьҭахь иреиҳау аҵараиурҭақәа руак аҿы иддырбаразы аҳәара ҟарҵеит. Знык акәымкәа, акырынтә иддырбаргьы рҭахуп", - иҳәеит арежиссиор.
Аԥсны
Аибашьра ду аибашьцәа ирызку афильм "Аԥшаара" аԥхьарбара мҩаԥысит Аҟәа
Афильм "Поиск" ҭыхуп Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан анемеццәа рнапаҿы иҭахаз Аԥсни ИАР атәылақәеи ртәылауаа ргәалашәара аиқәырхареи хабарда ибжьаӡыз рзы аинформациа аԥшаареи ирызку апроект "Ахьӡ архынҳәра" аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аибашьраан Аԥсадгьыл ду ахьчаразы игылт 55 нызқьҩык инареиҳаны Аԥсны ииз асовет тәылауаа. Урҭ рахьтә аа-нызқьҩык хабарда ибжьаӡит ҳәа иԥхьаӡоуп.