Аԥсны

Аԥсни Шәачеи рыԥсшьарҭақәа рҿы аномерқәа реиҳарак аԥхын нҵәаанӡа иаҿарҵахьеит

Арҭ аекскурсиатә хырхарҭақәа рахь ари аҩыза азҿлымҳара цәырнагеит апандемиа аамҭазы иҟаз аҭаххара инадҳәаланы.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 24 - Sputnik. Аԥсни Шәачеи иреиӷьу рыԥсшьарҭақәа рҿы аномерқәа реиҳарак аԥхынра зегь азы заа иаҿарҵахьеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, аусхк ахаҭарнакцәа ражәақәа шьаҭас иҟаҵаны.
Иҭацәу аномерқәа маҷхеит егьырҭ аԥхынтә ԥсшьараз иалырхуа Калининградтәи аобласти, Карелиеи, Алтаи рҿгьы.

"Зыхьӡ рылаҵәоу Шәачеи, Аԥсни, Калининградтәи аобласти, Карелиеи, Алтаии рҿгьы аԥсшьарҭатә ҭыԥқәа рҿы аԥхынтәи асезон нҵәаанӡа аҭыԥқәа роура уадаҩхеит. Абри аҩыза аҭагылазаашьа ыҟоуп Кавказтәи Аминералтә ӡқәа рҿгьы", - рҳәоит атуроператор "Интурист" аусзуҩцәа.

Атурфирма "Русский экспресс" иазгәанаҭоит Шәачеи Аԥсни рганахьала еиҳагьы азҿлымҳара ахьыҟоу зыбзоуроу аҳаиртә еимадара шакәу.
"Шәача аномертә фонд ахьырацәоу инадҳәаланы макьанагь аҭыԥқәа ыҟазар, Аԥсны ԥхынгәы-нанҳәа рзы аҭыԥ узыԥшааӡом", - рҳәеит атуреилахәыраҿ.
Аԥсны
Гагра автомашьынала аныҟәараз иалыркаауа ақалақьқәа жәаба ирыҵанакит
Иналкаау ахырхарҭақәа ирыҵаркуеит Краснодартәи атәылаҿацә - 38%, Аԥсны - 18%, Ҟрым, Санкт-Петербург, Аминералтә ӡқәа, Подмосковие.
Урыстәыла аладатәи ахәҭа аҳаиртә баӷәазақәа рахь аԥыррақәа ԥкуп рашәара 30 рҟынӡа. Жәабран 24 раахыс аҳаирпланқәа ԥыруам Анапа, Белгород, Брианск, Воронеж, Геленџьик, Краснодар, Курск, Липецк, Ростов-на-Дону, Симферополь, Елиста рахь.