Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гагра автомашьынала аныҟәараз иалыркаауа ақалақьқәа жәаба ирыҵанакит

© Sputnik Томас Тхайцук / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДвижение автотранспорта в Гаграх.
Движение автотранспорта в Гаграх. - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.06.2022
Анапаҵаҩра
Аоперациа ҷыда ианалага ашьҭахь урыстәылатәи атуристцәа рзы аҳәаақәа ахьаркхаз инамаданы акурорттә сезон аан Аԥсны атуристцәа рацәаҩны ирзыԥшуп.
АҞӘА, рашәара 23 – Sputnik. Гагра автомашьынала аныҟәараз иалыркаауа ақалақьқәа жәаба ирыҵанакит ҳәа аанацҳауеит Tvil.ru.
Аԥснытәи акурорт афбатәи аҭыԥ аннакылеит Шәача, Санкт-Петербург, Феодосиа, Казань, Москва рышьҭахь.
Машьынала аныҟәараз иманшәалоу ақалақьқәа жәаба:

Ақалақь

Уахыктәи аԥсшьаразы бжьаратәла инырхуа (мааҭла)

Ибжьаратәу аԥсшьараамҭа

Шәача

3331

9 у

Санкт-Петербург

4007

5 у

Феодосиа

3160

9 у

Казань

3517

5 у

Москва

3362

4 у

Гагра

2970

8 у

Кисловодск

2616

7 у

Сортавала

6454

4 у

Аладатәи Новгород

3194

3 у

Осташков

6506

6 у

Ахәқәа зегьы иреиҳауп Осташкови Сортавали. Ара уахык бжьаратәла ф-нызқь мааҭ шәатәуп.
Аамҭа рацәаны ирхыргоит Шәачеи Феодосиеи (бжьаратәла жәаха). Еиҳа еиҵоу ҳәа ишьоуп Аладатәи Новгород (бжьаратәла хаха).
Ажәабжьқәа зегьы
0