Аӡы иагаз атуристцәа руаӡәк лыԥсыбаҩ амшын аҿы ирбеит

Уаанӡатәи адыррақәа рыла, Шәача ақәаршыҩ иахҟьаны аӡиас Чамытахәаџьа иӡхыҵит, ауаа зҭаз амашьынақәа ҩба амшын ахь иагеит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 24 - Sputnik. Аиқәырхаҩцәа Шәача иаԥну амшынӡқәа рҿы ирыԥшааит аҭыԥҳәа лыԥсыбаҩ ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, ақалақь ахадара апресс-маҵзура адырра шьаҭас иҟаҵаны.

"Ақалақь аусбарҭабжьаратә оперативтә штаб адырра ҟанаҵоит автомашьынақәа руак иҭаз аҳәса руаӡәк лыԥсыбаҩ шырыԥшааз азы. Ахаҵеи хҩык ахәыҷқәеи рыԥшаара ишаҿыц иаҿуп", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Уаанӡа 42 шықәса зхыҵуаз ахаҵа амшын далыргеит, уи ахәшәтәырҭахь днагоуп. Даҽа ԥҳәыскгьы дҭахеит. Иаанхаз рыԥшаарақәа цоит.
Амшцәгьа иахҟьаны 11 еиланхарҭа рҿы 50 рҟынӡа ҩны аӡы рыҵалеит, афедералтә мҩаду Џьубга-Аԥсны аҳәаа иахьаҵанакуа аӡымтҟьарқәа хыџьара илеит. Амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра иаҿуп. Зықьҩык инарзынаԥшуа атехника ахархәарала аусурақәа мҩаԥыргоит.
Шәача амшын иагаз ауаа туристцәан