Шәача амшын иагаз ауаа туристцәан

© Sputnik / Томас Тхайцук Море в шторм
Море в шторм  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.06.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла АҶА Краснодартәи атәылаҿацә аҿтәи апресс-маҵзура адырра ҟанаҵеит Шәача автомашьынақәа ҩба ауаа шырҭатәаз амшын иагеит ҳәа.
АҞӘА, рашәара 24 - Sputnik. Шәача амшын иагаз ауаа Краснодартәи атәылаҿацә аҟынтәи иааз туристцәан, абри атәы иҩуеит иофициалтә Telegram-канал аҿы ақалақь ахада Алексеи Копаигородски.

"Акурорт асасцәеи ауааԥсыреи изныкымкәа адырра рыҭан, амшцәгьа ҟалар алшоит ҳәа ргәы рҽанҵан. Ус шакәызгьы, Ставропольтәи атәылаҿацә аҟынтәи машьынала иааз аҭаацәарақәа ҩба аӡиас Чамытахәаџьа амшын иахьалало аҭыԥ аҿы, уи иазырхиамыз аҭыԥ аҿы уахынла ҳәа иаангылеит", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Амшцәгьа иахҟьаны дҭахеит ԥҳәыск, даҽаӡәы амшын аҿы иԥсеиқәырхара алшеит, даҽа ҩыџьа адуцәеи хҩык ахәыҷқәеи рхабар ыҟам. АҶА аԥшаарақәа ирҿуп, ахархәара рыҭоуп ашхәақәеи авертолиотқәеи.
Уи адагьы, амаҵзура аусзуҩцәа амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхра рҽазыршәоит – икаҳаз аҵлақәа ықәыргоит, илеиз аӡымтҟьар аҟынтә амҩақәа дрыцқьоит, аӡы зҵалаз аҩнқәа руааԥсыра фатәыла-жәтәыла еиқәдыршәоит. Аусурақәа ирылахәуп зықьҩык инареиҳаны ауааԥсыреи 400 ак атехникеи.
Ақалақь аҵакыраҿы агәҽанҵара ҟаҵоуп амшын аҿы аҽыкәабара шыҟамло азы, иара убасгьы ашьхақәа рахь ахаларагь ахәҭаны ишьам, аӡиасқәа акыр ишьҭыҵны иахьыҟоуи аӡымтҟьар леир ахьалшои азы.
Ажәабжьқәа зегьы
0