АҞӘА, рашәара 24 - Sputnik. Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа азыӡба рыдыркылеит Урыстәыла атәылауаа Вадим Ботиеви Елена Синельниковеи рганахьала. Дара хыԥхьаӡара рацәала анаркотикқәа рыҭира рнапы алакын. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада.
Вадим Ботиев 15 шықәса зрежим ӷәӷәоу аколониаҿ ихигароуп, 800 000 мааҭ ахараԥса ишәароуп, Елена Синельникова 15 шықәса азеиԥш режим аколониаҿ илхыгароуп, 800 000 мааҭ ахараԥса лшәароуп.
Жәабран 7 рзы Ботиев ишьақәыргылам ахаҿы иҟынтәи адырра иоуит Аҟәа анаркотикқәа ахьыҵәахыз аҭыԥ азы. Синельниковеи иареи анаркотикатә маҭәашьар "метадон" 57 еилаҳәара аархәеит анаҩс аҭиразы. Уи азеиԥш капан 11,7 грамм инаӡон.
Иара убри амш аҽны зус рыӡбо ирмаӡоу аҵәахырҭақәа 11 ҟарҵеит Аҟәа Алашарбага араион аҿы. Синельникова арҭ аҭыԥқәа рфотосахьа ҭыхны иалырбеит.
Иара убри аҽны рҩыџьагь ааныркылеит Аԥсны ААР аусзуҩцәа.
Ботиев идбалан 46 еилаҳәара аметадон. Иааныркылаз рҩыџьагьы ырбаандаҩын.