Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Анаркотикқәа зҭиуаз иус рыӡбеит Гагра

CC0 / / Судебный молоток
Судебный молоток - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.06.2022
Анапаҵаҩра
Ахьчаратә ган аҳәара ҟарҵеит Баҭал Ақаҩба ддыриашарц, ахарадҵаратә ган аҳәара ҟарҵеит иԥсы ахьынӡаҭоу ҭакрала ихгареи имазара имхреи азы аӡбара рыдыркыларц.
АҞӘА, рашәара 23 - Sputnik. Гагратәи араионтә ӡбарҭа Ҟәланырхәа ақыҭа анхаҩы Баҭал Ақаҩба анаркотикқәа иҭиуан ҳәа шьақәнарӷәӷәеит. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада.

Атәылауаҩ Ақаҩба хыԥхьаӡара рацәала (1,4 грамм) анаркотикқәа иҭиуан ҳәа ахара идҵаны дырбаандаҩын, иара жә-шықәса зрежим ӷәӷәоу аколониаҿ ихигарци 400 нызқьмааҭ ахараԥса ишәарци аӡбара рыдыркылеит.

Аԥхьанатә Баҭал Ақаҩба ахара идырҵон 19,9 грамм анаркотикқәа иҭиит ҳәа.
Аха аӡбарҭа иус еиҳа иԥсыҽу ахь ииаргеит. Аӡбарҭа агәаанагарала, ахара здырҵо иҩнаҭаҿы аԥшаарақәа азакәан еилаганы имҩаԥган.
Наркотики - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.06.2022
Аԥсны
Аԥсны ААР аҵыхәтәантәи хәымз рыҩнуҵҟа 416 грамм иџьбароу анаркотикқәа рымырхит
Ахарадҵа инаваргыланы Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраз хаҭалатәи ақәҵара рыдкылан. Баҭал Ақаҩба идукатцәа аҳәара ҟарҵеит иара ихарадҵа ахьышьақәырӷәӷәам азы ддыриашарц. Апрокуратура акәзар, аҳәара ҟарҵеит иԥсы ахьынӡаҭоу ҭакрала ихгареи имазара имхреи азы аӡбара рыдыркыларц.
Ажәабжьқәа зегьы
0