Арадио

Џьапуа: аибашьраан аҵәы иахакшаны иԥҽыз аԥсуа ԥхьарца сгәы иныҵаххит

Асахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа аԥхьарца аҟаҵарахь дхьазырԥшыз, уи аус иацу акәамаҵамарақәеи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит.
Sputnik
Уажә ааигәа асахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа асоциалтә даҟьаҿы икьыԥхьит инапала иҟаиҵаз аԥсуа ԥхьарца асахьақәа. Уи шыҟаиҵаз, насгьы, избан ус еиԥш аус дзалагаз атәы еиҭеиҳәеит.
"Хышықәса раԥхьа аԥхьарца аҟаҵара салагеит, избанзар, аибашьраан хҭыск сақәшәеит. Ақырҭцәа Мықә ақыҭа ҳцәыргеит, нас ианҳаргьежь еимдо ҳашцоз, аандак снадгылеит, аԥсуа ԥхьарца, иԥшӡаны, еиқәаҵәамсысӡа, егьаҩы рнапы иадыркхьан, аҵәҩан иахыкшаны иԥҽын. Убри убыс сгәы иныҵаххит, ҳаибганы ҳзалҵыр, абри аҩыза ак ҟасымҵакәа зуӡом ҳәа схы иазызсҳәеит", - иҳәеит Џьапуа.
Иаразнак аус унапаҟны изааиӡом, иҭҵаатәуп ишыҟаз. Амҿы хазы ирхиатәуп. Аԥхьарца аҟаҵараҿы даара ацхыраара сынаҭеит Инна Ҳашԥҳа лышәҟәы, аԥсуа жәлар ринструментқәа ирызку. Аибашьра ашьҭахь џьара дәқьанк аҿы избан 10 цырак аасхәеит, нас сҩызцәа ишаны ирысҭеит, уи аҩыза ашәҟәы сара исымбац. Нас сыкәша иҟаз зегьы акака сыҵарҳәон, абасала ҩ-ԥхьарцак ҟасҵеит. Акы – саҳәшьа лԥа ҳамҭас исҭеит. Егьи – Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров, иара еизигозаап еиуеиԥшым жәлар рарҳәагақәа, ҳамҭас ирҭеит. Ԥхьарцада санаанха, саалаган, уажәтәи ҟасҵеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьапуа.
Асахьаҭыхҩы иҳәеит аԥхьарца аҟаҵараан иҿыцу акгьы шалаимгало, ажәытәан ишыҟарҵоз, ажәытәтәи амаҭәарқәа рыла инапы ишыҵихыз.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.