https://sputnik-abkhazia.info/20220625/apua-aibashraan-ay-iakhakshany-iyz-asua-khartsa-sgy-inyakhkhit-1039736216.html
Џьапуа: аибашьраан аҵәы иахакшаны иԥҽыз аԥсуа ԥхьарца сгәы иныҵаххит
Џьапуа: аибашьраан аҵәы иахакшаны иԥҽыз аԥсуа ԥхьарца сгәы иныҵаххит
Асахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа аԥхьарца аҟаҵарахь дхьазырԥшыз, уи аус иацу акәамаҵамарақәеи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит. 25.06.2022, Sputnik Аҧсны
2022-06-25T12:20+0300
2022-06-25T12:20+0300
2022-06-25T12:20+0300
арадио
аԥсны
аподкаст
/html/head/meta[@name='og:title']/@content
/html/head/meta[@name='og:description']/@content
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/06/16/1039736063_0:0:3067:1725_1920x0_80_0_0_c130b77cbd73ae633c5060cf91e754f2.jpg
Џьапуа: аибашьраан аҵәы иахакшаны иԥҽыз аԥсуа ԥхьарца сгәы иныҵаххеит
Џьапуа: аибашьраан аҵәы иахакшаны иԥҽыз аԥсуа ԥхьарца сгәы иныҵаххеит
Уажә ааигәа асахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа асоциалтә даҟьаҿы икьыԥхьит инапала иҟаиҵаз аԥсуа ԥхьарца асахьақәа. Уи шыҟаиҵаз, насгьы, избан ус еиԥш аус дзалагаз атәы еиҭеиҳәеит."Хышықәса раԥхьа аԥхьарца аҟаҵара салагеит, избанзар аибашьраан хҭыск сақәшәеит. Ақырҭцәа Мықәтәи ачаисовхоз аҿы ақыҭа ҳцәырган, нас ианҳаргьежь ҳқыҭа, еимдо ҳашцоз, аандак снадгылеит, аԥсуа ԥхьарца, каамеҭ иԥшӡаны, еиқәаҵәамсысӡа, егьаҩы рнапы иадыркхьан, аҵәҩан иахыкшаны иԥҽын. Убри убыс сгәы иныҵаххит, ҳаибганы ҳзалҵыр, абри аҩыза ак ҟасымҵакәа зуӡом ҳәа сгәы иҭаскит", - иҳәеит Џьапуа.Иаразнак аус унапаҟны изааиӡом, иҭҵаатәуп ишыҟаз. Амҿы хазы ирхиатәуп. Аԥхьарца аҟаҵараҿы даара ацхыраара сынаҭеит Инна Ҳашԥҳа лышәҟәы, аԥсуа жәлар ринструментқәа ирызку. Аибашьра ашьҭахь џьара дәқьанк аҿы избан 10 цырак аасхәеит, нас сҩызцәа ишаны ирысҭеит, уи аҩыза ашәҟәы сара исымбац. Нас сыкәша иҟаз зегьы акака сыҵарҳәон, абасала ҩ-ԥхьарцак ҟасҵеит. Акы – саҳәшьа лԥа ҳамҭас исҭеит. Егьи – Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров, иара еизигозаап еиуеиԥшым жәлар рарҳәагақәа, ҳамҭас ирҭеит. Ԥхьарцада санаанха, саалаган, уажәтәи ҟасҵеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьапуа.Асахьаҭыхҩы иҳәеит аԥхьарца аҟаҵараан иҿыцу акгьы шалаимгало, ажәытәан ишыҟарҵоз, ажәытәтәи амаҭәарқәа рыла инапы ишыҵихыз.Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/06/16/1039736063_169:0:2898:2047_1920x0_80_0_0_eb9cbd9a703e2bdcc61bced802488c68.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rosiya Segodnya“
аԥсны, аподкаст, аудио
Џьапуа: аибашьраан аҵәы иахакшаны иԥҽыз аԥсуа ԥхьарца сгәы иныҵаххит
Асахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа аԥхьарца аҟаҵарахь дхьазырԥшыз, уи аус иацу акәамаҵамарақәеи ртәы арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит.
Уажә ааигәа асахьаҭыхҩы Баҭал Џьапуа асоциалтә даҟьаҿы икьыԥхьит инапала иҟаиҵаз аԥсуа ԥхьарца асахьақәа. Уи шыҟаиҵаз, насгьы, избан ус еиԥш аус дзалагаз атәы еиҭеиҳәеит.
"Хышықәса раԥхьа аԥхьарца аҟаҵара салагеит, избанзар аибашьраан хҭыск сақәшәеит. Ақырҭцәа Мықәтәи ачаисовхоз аҿы ақыҭа ҳцәырган, нас ианҳаргьежь ҳқыҭа, еимдо ҳашцоз, аандак снадгылеит, аԥсуа ԥхьарца, каамеҭ иԥшӡаны, еиқәаҵәамсысӡа, егьаҩы рнапы иадыркхьан, аҵәҩан иахыкшаны иԥҽын. Убри убыс сгәы иныҵаххит, ҳаибганы ҳзалҵыр, абри аҩыза ак ҟасымҵакәа зуӡом ҳәа сгәы иҭаскит", - иҳәеит Џьапуа.
Иаразнак аус унапаҟны изааиӡом, иҭҵаатәуп ишыҟаз. Амҿы хазы ирхиатәуп. Аԥхьарца аҟаҵараҿы даара ацхыраара сынаҭеит Инна Ҳашԥҳа лышәҟәы, аԥсуа жәлар ринструментқәа ирызку. Аибашьра ашьҭахь џьара дәқьанк аҿы избан 10 цырак аасхәеит, нас сҩызцәа ишаны ирысҭеит, уи аҩыза ашәҟәы сара исымбац. Нас сыкәша иҟаз зегьы акака сыҵарҳәон, абасала ҩ-ԥхьарцак ҟасҵеит. Акы – саҳәшьа лԥа ҳамҭас исҭеит. Егьи – Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров, иара еизигозаап еиуеиԥшым жәлар рарҳәагақәа, ҳамҭас ирҭеит. Ԥхьарцада санаанха, саалаган, уажәтәи ҟасҵеит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Џьапуа.
Асахьаҭыхҩы иҳәеит аԥхьарца аҟаҵараан иҿыцу акгьы шалаимгало, ажәытәан ишыҟарҵоз, ажәытәтәи амаҭәарқәа рыла инапы ишыҵихыз.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.