Аԥсны

Аԥснытәи абоксиорцәа Урыстәыла Аладатәи Афедералтә окргу ачемпионат амедалқәа ранашьахеит

Аладатәи Афедералтә округ ачемпионат 19-40 шықәса зхыҵуа аҳәсеи ахацәеи рыбжьара имҩаԥысуан рашәара 20-25 рзы Краснодар.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 27 - Sputnik. Хҩык аԥснытәи аспортсменцәа - Белена Кәыҵниаԥҳа, Денис Кархалаа, Ашот Узлиан Аладатәи Афедералтә округ ачемпионат аҿы араӡнытәии аџьазтәии медалқәа роуит ҳәа аанацҳауеит аспорт азы Аҳәынҭеилакы.
100-ҩык инареиҳаны Краснодартәи атәылаҿацә, Адыгеиа, Калмыкиа, Ҟрым, Севастополь, Ростовтәи, Волгоградтәи, Астрахантәи аобластқәа рҟынтәи алахәылацәа аиааираз еиндаҭлон. Аиааира згаз ахацәа 13 капантә категориа рыла иалыркаауан, аҳәса – 12 категориа рыла.

Аԥснытәи абоксиорцәа Краснодартәи атәылаҿацә ахьӡала иқәгыланы аԥхьахә ҭыԥқәа хԥа ргеит. Араӡны медал ланашьахеит Белена Кәыҵниаԥҳа (66 кг), "аџьаз" ранашьахеит Денис Кархалаа (54 кг), Ашот Узлиан (75 кг).

Очамчыратәи аспортсмен Денис Кархалаа иара убасгьы Урыстәыла аспорт азҟазарахь акандидат инорматив неигӡеит. Аспортсмен иазыҟаҵаҩ - Мамука Бжьаниа. Беленеи Ашоти разыҟаҵаҩ - Едуард Депелиан.
Аԥсны
Аԥснытәи ақәԥаҩцәа Урыстәыла ачемпионат аҿы еиҳа иӷәӷәоу аспортсменцәа ирыцықәгылеит