Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

"Азот" аҿынтә шасыс иҟаз зегьы рхы иақәиҭтәуп

Ииасыз амчыбжь азы ЛЖәР Жәлар рмилициеи урыстәылатәи аруааи УАМ "Азот" ааглыхратә зона хырӷәӷәарҭаны аҟаҵараз рыгәҭакы еиԥдырҟьеит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 27- Sputnik. "Азот" иахьаҵанакуаз шасыс ирымаз аӡәгьы даанымхеит, рхы иақәиҭтәуп ҳәа иҳәеит Урыстәыла иҟоу ЛЖәР ацҳаражәҳәаҩ Родион Мирошник "России 24" аефир аҿы.
"Украинатәи аибашьцәа рнапаҿы аӡәгьы днымхеит. Иахьазы "Азот" ааглыхратә зона инагӡаны ахы иақәиҭтәуп", - иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.
Иара иажәақәа рыла, Северодонецк ааглыхратә зона иахьаҵанакуа аҭынч уааԥсыра аанханы иҟоуп: урҭ рыхәҭак ( 30%) иахьцо ахьрымам азы рықалақь ааныжьра рҭахым. ЛЖәР Жәлар рмилициа абомбаҽацәыхьчарҭақәа рҿы иҟоу ауаа фатәылеи хәшәылеи еиқәдыршәоит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Северодонецк иҟоу ахимкомбинат "Азот" аҟынтәи аҭынч уааԥсыра ықәыргеит
Убри аан 500-ҩык инареиҳаны ахимиатә комбинат иҭыгоуп. Урҭ реиҳараҩык Старобельск, аихшарҭатә ҭыԥ ахь инагоуп. Уантәи ауаа рыуацәа рахь ма аамҭала раангыларҭахь инарышьҭуеит.
Ииасыз амчыбжь азы ЛЖәР Жәлар рмилициеи урыстәылатәи аруааи УАМ "Азот" ааглыхратә зона хырӷәӷәарҭаны аҟаҵараз рыгәҭакы еиԥдырҟьеит. Анаплакы аҵакыра зегьы, Аҩадатәи Донецк аладатәи ахәҭа, ақалақьқәа Северодонецк, Боровское, аиланхарҭақәа Вороновои Сиротинои Лугансктәи Жәлар Рреспублика анапахьы ииасит.