Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Еиду Арабтәи Аемиратқәа Урыстәыла ацхыраара аднагалеит Украина атҟәацәа реимдараан

Северодонецк, ахимиатә комбинат "Азот" аҟынтәи 70-ҩык украинатәи аруаа рабџьар шьҭарҵеит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 27 - Sputnik. Еиду Арабтәи Аемиратқәа рхаҭарнакцәа урыстәылатәи аган иадыргалеит атҟәацәа реимдараан ацхыраара. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, ахыҵхырҭа шьаҭас иҟаҵаны.

"ЕАЕ ахаҭарнакцәа Украина иҟоу аҭагылазаашьа азԥхьагәаҭо урыстәылатәи аган ахь ажәалагала ҟарҵеит атҟәацәа реимдараҿ ацхыраара ауразы", - еиҭеиҳәоит амаҵзура зыҿцәажәоз ахаҿы.

Иара иажәақәа рыла, ЕАЕ ажәалагалақәа украинатәи аган аҟынтәи атҟәацәа рсиа аус адулараан иазԥхьагәаҭахоит.
Рашәарамзазы урыстәылатәи аомбудсмен Татиана Москалькова атҟәацәа ранацәа аҳәара лзынарышьҭуа иалагеит рԥацәа дмырхынҳәырц, урҭ уа ирышьҭазаауа иалагар ахьауеи аибашьрахь еиҭадәықәырҵар ҳәа иахьшәои азы.
Убри аан Рада атҟәацәа реимдараан ашьауӷа шыхдмыртуеи ахьырхәра ишақәыдмыршәои рзы азакәан апроект аларгалеит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
"Азот" аҿынтә шасыс иҟаз зегьы рхы иақәиҭтәуп
Жәабран 24 раахыс Урыстәыла Украина аоперациа ҷыда мҩаԥнагоит. Владимир Путин иажәақәа рыла иара иахықәку аа-шықәса раахыс агеноцид иаҵагылоу Донбасс ауааԥсыра рыхьчароуп.
Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭала хәажәкырамзазы Украина аибашьратә лшара акыр илаҟәит. Урыстәыла иаус хаданы ишьоуп Донбасс ахақәиҭтәра.