АҞӘА, рашәара 27 – Sputnik. Урыстәылатәи арратә мчрақәа индырҵәеит "ақырҭуа легион" алахәылацәа, Киев амҵан урыстәылатәи аруаа ргәаҟны иҭазырхоз ҳәа ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭаранк Игорь Конашенков.
"Рашәара 26 рызтәи аиҿагыларақәа раан, Лугансктәи Жәлар Рреспублика Лисичансктәи анефҭаусадуларатә зауад х-километрак инацәыхараны, иҭархан қьырала Украина иааны еибашьуаз адиверсиа-ԥшыхәратә гәыԥқәа ҩба. Актәи агәыԥ "интернационалтә" гәыԥын, Европа атәылақәа руааԥсыра рыла ишьақәыргылан. Аҩбатәи агәыԥ "ақырҭуа легион" алахәылацәа рыла ишьақәгылан", - рҳәеит аусбарҭаҿы.
Иазгәаҭан "ақырҭуа легион" алахәылацәа реиҳараҩык абандиттә еиҿкаарақәа ишреиуоу.
"Ақырҭуа еибашьцәа Киев амҵан хәажәкырамзазы гыгшәыгрыла урыстәылатәи аруаа нзырҵәаз роуп. Атәылахьчара аминистрра иныҭкаау аинформациа рымоуп ҳаруаа ҭазырхоз рганахьала. Иҳаԥшааит. Иахьҳархәит", - рҳәеит аусбарҭаҿы.