Аԥсны

Алхас Кәыҵниа Ахақәиҭра ашҭаҿы амлашьратә акциа мҩаԥызго Џьансыхә Адлеиба дизнеит

Ауаажәларратә усзуҩ Џьансыхә Адлеиба Аԥсны абылтәы ахәԥса ахьхалаз даҿагыланы амлашьратә акциа иаԥшьигеит рашәара 13 инаркны.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 28 - Sputnik. Аԥсны ахада Иусбарҭа аиҳабы Алхас Кәыҵниа Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы абылтәы ахәԥса ахалара даҿагыланы амлашьратә акциа мҩаԥызго Џьансыхә Адлеиба дизнеит.
Џьансыхә Адлеиба ашҭаҿы еизаз ауаа иреиҳәеит абылтәы акәша-мыкәша ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҵыхәала атәыла ахада Аслан Бжьаниа диацәажәар шиҭаху.
Алхас Кәыҵниа иазгәеиҭеит ахада еизаз рахь дышзымааиуа убри аамҭазы Урыстәылантәи асасцәа ахьидикыло инамаданы. Иара иҳәеит урҭ реиԥылараан абылтәы ахәԥсақәа рызҵаарагьы иалацәажәарц ргәы ишҭоу.
Кәыҵниа даҽазныкгьы активист диҳәеит амлашьратә акциа ааникыларц, ахада Иусбарҭаҿы днеины ари аҭагылазаашьа еицалацәажәарц.
Џьансыхә Адлеиба уи аҭакс иҳәеит агәраганы дшыҟоу атәыла ахада аамҭа кьаҿ иалагӡаны абылтәы ахәԥса аларҟәра шилшо.
"Ари азҵаара сааҭк аҩнуҵҟа иуӡбар ҟалоит, агәаӷьра аарԥшызар", - иҳәеит активист.
Иара еиҭахгьы атәыла ахада Аслан Бжьаниа иахь аҳәара ҟаиҵеит Ахақәиҭра ашҭаҿы ауаа рахь днеирц, иагьазгәеиҭеит иара днеиаанӡа еизаз аӡәгьы шымеимпуа, акциа ишацҵахо.
Аԥсны ахада Џьансыхә Адлеиба иҿы днеихьан рашәара 28 рзы ашьыжь. Иара усҟан иҳәеит ахәылбыҽха Ахақәиҭра ашҭахь дышзымнеиуа Урыстәылантәи аделегациа идикылараны дахьыҟоу азы.
Аслан Бжьаниа инаҵшьны иҳәеит аиҿцәажәара дшазыхиоу, иара Џьансыхә Адлеиба ахада Иусбарҭахь днеиԥхьеит, абылтәи адизели рыхәԥса шышьақәгылоу иазку адокументқәа ихала иҭиҵаарц алшара шиоуа иеиҳәеит. Иара убас диҳәеит игәабзиара дазхәыцны амлашьра даҟәыҵырц.
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Џьансыхә Адлеиба иахь днеит