Аԥсны

Аслан Бжьаниа Џьансыхә Адлеиба иахь днеит

Ауаажәларратә усзуҩ Џьансыхә Адлеиба ареспубликаҿы абылтәы ахәԥса ашьҭыҵра даҿагыланы амлашьра дтәеит рашәара 13 рзы, акциа мҩаԥысуеижьҭеи 17 мшы ҵуеит.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 28- Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Ахақәиҭра ашҭаҿы имлашьуа Џьансыхә Адлеиба иацәажәараз дизнеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Бжьаниа инаҵшьны иазгәеиҭеит, абылтәы ахә ашьақәыргылара азҵаара хықәкыла иазхьаԥшуеит ҳәа, абензини адизельтә былтәи рыхәԥсеиҿкаара шымҩаԥырго ашәҟәқәа Адлеиба хаҭала иҭиҵаарц Иусбарҭахь днеиԥхьеит.
Џьансыхә Адлеиба иҳәеит, уахь днеирц азы ихала аӡбра шизидымкыло.
Иара убас, Ахада аҳәара ҟаиҵеит Адлеиба амлашьра даҟәыҵырц, игәабзиаразы агәҭынчымра ааирԥшит, аҳақьымцәа иҭаауама ҳәа диазҵааит. Аслан Бжьаниа аҽазныкгьы иазгәеиҭеит иҟоу азҵаара алацәажәара дшазыхиоу.
Аԥсны
Апарламент Аминистрцәа реилазаара ирабжьнагеит ԥхынгәы 7-нӡа абылтәы ахәԥса еиқәдыртәарц