Аԥсны

Рауф Лакоба изку ацәыргақәҵа аатит Аҟәа

Рауф Лакоба Аԥсны иналукааша аполитикатә усзуҩ Нестор Лакоба диԥан. Иаб данҭадырха ашьҭахь дырбаандаҩын.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Нестор Лакоба иҭоурых-мемориалтә музеи аҿы иаатит аԥсуа политик иҷкәын - Рауф Лакоба диижьҭеи 100 шықәса аҵра аҳаҭыраз афотосахьақәа рцәыргақәҵа.

"Иахьа ҳара ҳаизеит Нестор Лакоба иԥа даҳгәалаҳаршәарц, уи диижьҭеи шәышықәса ҵит. Ибзианы ижәдыруеит илахьынҵахаз, ари аҭаацәараҟынтә уаҩ днымхеит. Рауф Лакоба дхәыҷы бзианы изҳауан, ауаа дырзааигәан, ауацәа, аҩызцәа бзиа ибон", - лҳәеит амузеи адиректор Лиудмила Малиаԥҳа.

Ацәыргақәҵахь инагоуп Нестор Лакоба иҭаацәа рфотосахьақәа, аҭоурыхтә кадрқәа, Аԥсны анапхгаҩи СССР иреиҳаӡоу апартиатә напхгара - Иосиф Сталин, Лавренти Бериа уҳәа еицҭырхыз афотосахьақәа.
1 / 6

Рауф Лакоба изку ацәыргақәҵа аатит Аҟәа.

2 / 6

Рауф Лакоба изку ацәыргақәҵа аатит Аҟәа.

3 / 6

Рауф Лакоба изку ацәыргақәҵа аатит Аҟәа.

4 / 6

Рауф Лакоба изку ацәыргақәҵа аатит Аҟәа.

5 / 6

Рауф Лакоба изку ацәыргақәҵа аатит Аҟәа.

6 / 6

Рауф Лакоба изку ацәыргақәҵа аатит Аҟәа.

Ауснагӡатә мҩаԥысуеит Лакоба имҩа аҩны №32 аҿы. Ара инхон аԥсуа политик иҭаацәеи иареи. Ацәыргақәҵа аартуп асааҭ 18:00 рҟынӡа.
Арадио
Малиаԥҳа еиҭалҳәеит Рауф Лакоба изку ацәыргақәҵаҟны аҭааҩцәа ирыдгалахо атәы
1937 шықәса жьҭаара 31 азы дырбаандаҩын 15 шықәса зхыҵуаз Рауф, ԥшьышықәса инарзынаԥшуа Аҟәа, Қарҭ, Москва абахҭақәа рҿы дҭакын. Иара ицҭакын "Аԥсуа рԥарцәа рус" иаҵанакыз Николаи Лакоба, Ҭенгиз Лакоба, Николаи Иналиԥа.
13-15 шықәса зхыҵуаз аҷкәынцәа аконтрреволиуциатә террористтә ус рнапы алакын ҳәа ахара рыдҵан ашьра рықәҵан. Ԥхынгәы 28, 1941 шықәсазы Рауф, Николаи, Ҭенгьиз рыԥсҭазаарақәа ҿахҵәан.
"Насыԥ змаз аҩны": ара инхон Сариеи Нестори