Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Малиаԥҳа еиҭалҳәеит Рауф Лакоба изку ацәыргақәҵаҟны аҭааҩцәа ирыдгалахо атәы

Малиаԥҳа еиҭалҳәеит Рауф Лакоба изку ацәыргақәҵаҟны аҭааҩцәа ирыдгалахо атәы
Анапаҵаҩра
Рауф Лакоба изку ацәыргақәҵаҟны иӡыргахо аматериалқәа, урҭ иаадырԥшуа атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Нестор Лакоба имузеи аиҳабы Лиудмила Малиаԥҳа.
Аԥсны еицырдыруа аҳәынҭқарратәи аполитикатәи усзуҩы Нестор Лакоба иԥа заҵә, харада ахара зыдҵаны гәаҟрала иҭархаз Рауф Лакоба диижьҭеи сынтәа 100 шықәса ҵуеит. Рашәара 28 асааҭ 13:00 рзы Нестор Лакоба дахьынхоз аҩны ахыбраҟны иаатуеит иара изку ацәыргақәҵа.
Амузеи аиҳабы Лиудмила Малиаԥҳа илҳәеит ацәыргақәҵаҟны аҭааҩцәа ирбар шрылшо Рауф класск аҟны ицтәаз Боксиоров зыжәлаз игәалашәарақәа. Урҭ иаадырԥшуеит Рауф даныхәыҷыз инаркны иҟазшьа, ихымҩаԥгашьа, иеилкаашьа. Убасгьы иҟоуп Жәлар рпоет Баграт Шьынқәба игәалашәарақәа аазырԥшуа аматериал Рауфи уи иашьцәеи харада ахара рыдҵаны рус анырыӡбоз. Малиаԥҳа лажәақәа рыла, Нестор Лакоба идҳәалоу аматериалқәа амузеи азы ианеизыргоз, уи иабхәында зегьы рыимҭеит, аамҭақәак рышьҭахь иара ихшара иаанхаз аматериалқәа Ҭырқәтәыла иҟоу абанк аҵәахразы, ахьчаразы иарҭеит. Урҭ аматериалқәа роурц Аԥсны анапхгара аҳәара ҟарҵароуп.
Аицәажәара инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Нестор Лакоба Аԥсны аҭоурых аҟны даанхоит иналукааша аҳәынҭқарратәи, аполитикатәи, ауаажәларратәи усзуҩны. Иара ихатә ҩыза Сариа аӷәӷәара дуи агәымшәареи аазырԥшыз фырԥҳәысын. Дареи рыҷкәын заҵә Рауфи рыхьӡ лашаны аԥсуа жәлар ргәалашәараҿы иҟазаауеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0