Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи архәҭақәа Харьков амилаҭеилыхыҩцәа рҭыԥ "Азов"* ндырҵәеит

Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит, украинатәи аган ааха ӷәӷәа амоуп, убри аан урыстәылатәи ар ԥхьаҟа анеира иаҿуп ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 28 - Sputnik. Урыстәылатәи архәҭақәа Харьков амилаҭеилыхыҩцәа рҭыԥ "Азови" 92-тәи амотошьаҟатә бригада абаталионқәа руаки ндырҵәеит, абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.

Иҭархоуп шәҩык инарзынаԥшуа украинатәи аруаа, қьырала иааны еибашьуа, 15 ак акәылӡтехникеи автомашьынақәеи.

Аусбарҭа иазгәанаҭоит Украина ауааԥсыра, аибашьра иалахәу реиԥш қьырала иааны еибашьуагьы разыҟаҵара лаҟәуп ҳәа. Уи иахҟьоит зны-зынла "дара дара амца анрыжәибаҵо". Убас рҩызцәа рхымца иаҵашәеит 60-тәи аршьаҟатә бригада 97-тәи абаталион аруаа. Абри аҩыза ахҭыс аҭыԥ аман 28-тәи амеханизациатә бригада аҟынгьы. Аԥшыхәцәа ргәыԥ ахымца рыжәырҵеит аҳәаанырцә еибашьцәа. Иҭахеит ԥшьҩык, хҩык ахәрақәа роуит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи архәҭақәа Харковтәи аобласт аҟны аҳәаанырцәтәи аибашьцәа рҭыԥ "Азов" ықәырхит
Арҭ рҩызцәа "хатәгәаԥхарала еибашьуа" Женеватәи аконвенца иаҵанакӡом, арратә тҟәацәа ҳәагьы иршьом.
Уаанӡа ДЖәР Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ашьра рықәнаҵеит Британиа ауааԥсыра ҩыџьеи Марокко атәылауаҩи. Дарбанызаалак аҳәаанырцәтәи "алегионер" ари аҩыза алахьынҵа иоур ҟалоит арратә операциа цонаҵы.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи ар Америкеи Европеи рҟынтәи Украинаҟа иаагаз аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа ықәрыцҟьааит