АҞӘА, рашәара 28 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Женеватәи аиҿцәажәарақәа рформат аиҭахацыркра алшом Украинатәи аҭагылазаашьа ҭышәынтәалаанӡа ҳәа иҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба Sputnik апресс-центр аҿы рашәара 27 азы имҩаԥысуаз авидеоцҳаан.
"Ацхантәаҩцәа рыбжьара иҟоуп Евроеидгыла, ОБСЕ, ООН рхаҭарнакцәа. Шықәсык аҩнуҵҟа аиԥыларақәа ԥшьба мҩаԥысуеит. Хәажәкыреи рашәареи амзақәа рзы имҩаԥысраны иҟаз аиԥыларақәа ахган. Лаҵарамза анҵәамҭазы ацхантәаҩцәа Аԥсны иҟан. Сара сҽазысшәеит аиԥыларақәа раанкылара мзызс иарҭо аилкаара. Иаартны ҭак смаҳаит, аха иубартә иҟан Украина ахҭысқәа зеиԥшрахо шакәу азхьаԥшра зырҭо", - иҳәеит иара.
Аԥсны арҭ аиҿцәажәарақәа хымԥада еиқәырхатәуп ҳәа иахәаԥшуеит иҳәеит Ҭыжәба.
"Иҟалап аамҭақәак ҳааԥшыр, аха ҳоппонентцәеи ҳареи ҳаимадара ырӡтәым арегион аҿы аҭагылазаашьа аибарххара алмыршаразы", - иҳәеит иара.
Аиҿцәажәарақәа рҭыԥ Женева акәымкәа еиҳа инеитралу тәылак ахь ииагатәуп ҳәа зҳәо Москва апозициаз акәзар, Ҭыжәба иҳәеит ареспублика ари ахәаԥшра ишазыхиоу.
"Ҳара ҳзы ихадароу аҭыԥ акәӡам, аформат ауп", - ҳәа азгәеиҭеит иара.
Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит 2008 шықәса жьҭаарамза раахыс, Аахыҵ Уаԥстәылатәи ахҭысқәа инадыркны. Аиҿцәажәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны итема ахадны ишьоуп аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа аганқәа амчра ахамырхәараз рҽазышәарақәа аазырԥшуа ҿырҳәалатәи аҳәамҭа аицыҟаҵара. Москва, Цхинвал, Аҟәа Қарҭ ахь ааԥхьара ҟарҵоит Қырҭтәылеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭара анапаҵаҩразы, аха Қарҭ уи мап ацәнакуеит.