Урыстәыла Женеватәи аиҿцәажәарақәа ахыгатәуп ҳәа агәрагара амоуп

© Sputnik / Виталий БелоусовЗдание Министерства иностранных дел РФ на Смоленской-Сенной площади и башни делового центра "Москва-Сити".
Здание Министерства иностранных дел РФ на Смоленской-Сенной площади и башни делового центра Москва-Сити. - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.06.2022
Анапаҵаҩра
Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа жәашықәса ирықәуп имҩаԥысуеижьҭеи.
АҞӘА, рашәара 21 - Sputnik. Москва Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа ахыгатәуп еиҳа иманшәалоу аҭыԥи аамҭеи рзы ҳәа агәрагара амоуп, абри азы аҳәамҭа ҟанаҵеит Урыстәыла ААР.
"Иҟоу аҭагылазаашьақәа рҟны алахәылацәа зегьы ирзыманшәалоу инеитралтәу аҭыԥ ахь аилацәажәара аҭыԥ ииагатәуп", - ҳәа аҳәоит Урыстәыла ААР ахада ихаҭыԥуаҩ Андреи Руденко аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәеи реиԥылара аихшьаалақәа рышьҭахь аусбарҭа асаит аҿы икьыԥхьу адырраҭараҿы.
Смоленсктәи Ашҭаҿы агәрагара рымоуп "Мраҭашәаратәи атәылақәа аиҿагыларатә ҭагылазаашьа Аахыҵ Кавказҟа аиагара рҽахьазыршәо иахьырԥшны Қарҭи Аҟәеи Қарҭи Цхинвали рыбжьара амч ахамырхәаразы хымԥадатәи аиқәшаҳаҭра аԥыжәара амазароуп, иара убас ақырҭуа-аԥсуеи ақырҭуа-ауаԥси ҳәынҭқарратә ҳәаақәа рделимитациеи анаҩс рдемаркациеи апроцесс аларгатәуп ҳәа".
Заместитель министра иностранных дел Абхазии Ираклий Тужба провел встречу с сопредседателями Международных женевских дискуссий по безопасности и стабильности в Закавказье. - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.06.2022
Аԥсны
Женеватәи аиҿцәажәарақәа рашәарамзазы еиҭахацыркхар ҟалоит
Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит 2008 шықәса жьҭаарамза раахыс, Аахыҵ Уаԥстәылатәи ахҭысқәа инадыркны. Аиҿцәажәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны итема ахадны ишьоуп аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа аганқәа амчра ахамырхәараз рҽазышәарақәа аазырԥшуа ҿырҳәалатәи аҳәамҭа аицыҟаҵара. Москва, Цхинвал, Аҟәа Қарҭ ахь ааԥхьара ҟарҵоит Қырҭтәылеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭара анапаҵаҩразы, аха Қарҭ уи мап ацәнакуеит.
Изаамҭанытәиу аиҿцәажәарақәа 56-тәи рраунд хәажәкырамза анҵәамҭаз имҩаԥысраны иҟан, аха ацхантәаҩцәа раԥшьгамҭала иҟамлеит. Иазыԥшуп рашәарамзазы аиԥыларақәа мҩаԥысып ҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0