Аԥсны

Ашьапылампылтә клуб "Зенит" Аԥсны аспорттә база аргылара мап ацәнакит

Цандрыԥшь ақыҭан аспорттә база аргылара агәҭакуп ҳәа хәажәкырамзазы аҳәамҭа ҟаиҵеит "Зенит" азыҟаҵаҩцәа рҟазареи разыҟаҵареи реизырҳаразы Ацентр адиректор Сергеи Морозов.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 29 - Sputnik. Санкт-Петербургтәи ашьапылампылтә клуб "Зенит" Гагра араион Цандрыԥшь ақыҭан аспорттә база аргылара мап ацәнакит, абри атәы арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеит Аспорт азы Аҳәынҭеилакы ахада Џьемал Гәбаз.
"Ҳгәыӷәуан ҳтәылаҟны Санкт-Петербургтәи "Зенит" жәларбжьратәи аԥҟарақәа ирықәшәоз аспортбаза ҳаздыргылап ҳәа. Иахьынӡаздыруа, уи апроект уажәазы мап ацәкуп. Амзызқәа рылацәажәара сҭахым. Хаҭала избахьан ҳаамҭа иақәшәоз аспортбаза амакет, аусурақәа ахьаангылаз гәыхьуп", - иҳәеит иара.
Ашьапылампылтә клуб "Зенит" Академиа Аԥсны иаатит хәажәкыра 27, 2021 шықәсазы. Иахьатәи аамҭазы академиа афилиал Гәдоуҭа иҟоуп 2012-2013 шықәсқәа рзы ииз рыла ишьақәгылоу агәыԥқәа, Афон ҿыц - 2008-2009 ашықәсқәа рзы ииз, Аҟәа - 2010-2013 ашықәсқәа рзы ииз.
Аԥсны ашьапылампылтә федерациа аӡбаҩцәа разыҟаҵарҭа центр аартра агәҭакуп