Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ӷәынџьиа Ҭырқәтәыла адернеқьқәа рхадацәа ирымоу ауадаҩрақәа ирызкны

Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсуа культуратә хеидкылақәа рнапхгаҩцәа реиԥылара мҩаԥысит Дуизџьа. Уи иалахәын Аԥснынтәи аделегациа. Уаҟа ишьҭыхыз азҵаарақәа ртәы арадиоефир аҿы еиҭеиҳәеит Арепатриациазы аҳәынҭеилакы аинформациа-аналитикатә ҟәша аиҳабы Алмас Ӷәынџьиа.
Sputnik
Аиԥылараҿы иззааҭгылаз азҵаарақәа иреиуоуп Аԥсны атәылауаҩшәҟәы аиуразы иҟоу ауадаҩрақәа, ҳџьынџьуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рырхынҳәреи раареи иазку амҩатә зҵаарақәа, Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа абызшәа дырҵара уҳәа.
"Адернеқьқәа рхадацәа ирымоу ауадаҩрақәа ируакуп абызшәа дырҵара азҵаара. Аҳәара ҟарҵеит Аԥснынтә арҵаҩцәа неиртә еиԥш. Еиҳарак ауадаҩра иҟоуп инахароу аҭыԥқәа рҿы. Ҳара иҳалшоит арҵаҩцәа рышьҭра, аха рымҩақьыра ахә, ауалафахәы рызшәара ҳбиуџьеҭ аҟынтә иауӡом. Иаҳҳәеит, адернеқьқәа дара рхахьы иргозар, уи шалыршахо атәы. Арепатриациа аҩнкҵҟа иҳаман абызшәа дырҵаразы онлаин-акурсқәа. Уи иалахәын 100-ҩык инареиҳаны арҵаҩцәа. Қәҿиарала аԥышәарақәа азҭаз иранашьан асертификатқәа", - ҳәа иҳәеит Ӷәынџьиа.
Арепатриациа аҳәынҭқарратә еилакы аинформациа-аналитикатә ҟәша аиҳабы еиҭеиҳәеит аҿар реимадара аганахьалагьы апроектқәа ишрыцҵоу, иаарласны Ҭырқәтәыла аҵара зҵарц зҭаху рзы аквотақәа шаашьҭхо.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.