Путин инапы аҵеиҩит Урыстәыла еицтәароу аимпорт аргамаразы азакәан

Ари аҩыза аӡбара адҳәалоуп аҳәаанырцәтәылақәеи аилахәырақәеи Украинатәи аоперациа ҷыдаз Урыстәыла иадҟарҵалаз асанкциақәа.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 29 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин инапы аҵеиҩит Урыстәыла еицтәароу аимпорт аргамаразы азакәан. Уи инақәыршәаны аҭыжьыҩ имеидада атәылахь атауар алазгало анаплакыҩцәа аҭакԥхықәра иаҵагылом ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, азинтә информациа аофициалтә портал адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.
2022 шықәсазы аиҳабыра ашьақәырӷәӷәаразы ирыдгалоуп зганахьала аинтеллектуалтә усуреи ахатәтәреи рыԥҟарақәа анырра ҟарымҵо атауарқәа рсиа. Абри инақәыршәаны аҭыжьыҩ имеидада атәылахь атауар алазгало анаплакыҩцәа аҭакԥхықәра иаҵагылом. Абрендқәа ртауар урыстәылатәи аџьармыкьахь ралагалара ахылаԥшраз алшара рцәыӡуеит. Аалыҵ акәзар, аофициалтә дистрибиуторцәа реиԥш, аиуристтә хаҿқәагьы ирҭилар ҟалоит.
Лаҵарамзазы Урыстәыла Ахәаахәҭра аминистрра еиҿнакааит аҭыжьыҩ имеидада Урыстәылаҟа залагалара ауа абрендқәа рсиа. Аиқәыԥхьаӡа иаҵанакуеит 50 инарзынаԥшуа акатегориақәа: амашьынақәа, аелектроника, афармацевтика, абзазаратә техника уҳәа еиуеиԥшым аалыҵқәа.
Арҭ атауарқәа рҭилар алшоит амаркетплеис дуқәа - Ozon, Wildberries, "Яндекс.Маркете" рҿгьы.
Путин: Урыстәыла аглобалтә економикатә арена иқәҵӡом