Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла ар Украина амилаҭеилыхыҩцәа ргәыԥ "Кракен" аҟынтәи шәҩык аибашьцәа ҭадырхеит

Урыстәылатәи ар Украина арратә обиектқәа ааха шрырҭац ирырҭоит аоперациа ҷыда иаалагазар.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 29 – Sputnik. Урыстәылатәи ар Украина, Харьковтәи аобласт аҿы амилаҭеилыхыҩцәа ргәыԥ "Кракен" аҟынтәи шәҩык аибашьцәа ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Харковтәи аобласт аиланхарҭа Питомник иахьаҵанакуа урыстәылатәи артиллериала иҭархоуп амилаҭеилыхыҩцәа ргәыԥ "Кракен" аҟынтәи шәҩык аибашьцәа, аибашьратә техника жәа-цырак. Амилаҭеилыхыҩцәа рнапхгаҩцәа адҵа ҟарҵеит иаанхаз рҭыԥ аанрыжьырц, Харьков ақалақь рҽалархаларц", - ҳәа аҳәоит адырраҭараҿы.
Иара убасгьы урыстәылатәи ар иҭадырхеит 108-тәи абаталион Лисичансктәи анефҭусадуларатә зауад иахьаҵанакуаз игылаз УАМ ажәабатәи ашьха-жәыларатә бригада. 350-ҩык рҟынтәи еиқәхеит 50-ҩык.
Аусбарҭа адырра ҟанаҵоит УАМ 115-тәи амеханикатә, 79-тәи адесант-жәыларатә, 25-тәи авиабригада рыруаа фатәы-жәтәла еиԥҟьоуп, ирацәаҩуп амла иакны зырӷәӷәарҭақәа нзыжьуа ҳәа.
Украинатәи аруаа ирыдгалоуп рабџьар шьҭарҵарц, урҭ агәра ддыргоит жәларбжьаратәи агуманитартә зин инақәыршәаны ишрызныҟәо.
Аусбарҭа изныкымкәа иазгәанаҭахьеит Киевтәи амчрақәа рзы қьырала еибашьуа аруаа шгылоу, урҭ рганахьала жәларбжьаратәи агуманитартә зин анормақәа амч рымаӡам. Дара комбатантцәаӡам, изықәшәар ауа ашьауӷақәҵароуп ҳәа.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәылатәи ар Америкеи Европеи рҟынтәи Украинаҟа иаагаз аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа ықәрыцҟьааит