Аԥсны

ААР "Амшынеиқәафымцамч" 145 миллион мааҭ рыхә ахархәагақәа анаҭоит

Sputnik
АҞӘА, рашәара 30 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Акапиталтә ргылараз аусбарҭа АУН "Амшынеиқәафымцамч" 145 миллион мааҭ рыхә ахархәагақәа анаҭараны иҟоуп. Абри азы аӡбра рыдыркылеит рашәара 30 азы Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы.
Адокумент инақәыршәаны "Амшынеиқәафымцамч" иаҭахоит 2017-2019 шықәсқәа рзы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиараз Аинвеспрограммала иаахәо ахархәагақәа.
Ахархәагақәа рыхә 145 миллион мааҭ ыҟоуп.
Уи адагьы "Амшынеиқәафымцамч" иаҭахоит астанциа маҷқәеи аихшаратә ҳақәеи русура аиӷьтәразы аматериалқәа 100 миллион мааҭ рыхә.