Аԥсны

Анқәаби Вольвачи Аԥсни Урыстәылеи рсоциал-економикатә усеицура иалацәажәеит

Аминистрцәа реилазаараҿы имҩаԥысыз аиԥылара иалахәын апрофильтә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 30- Sputnik. Аԥыза-министр Александр Анқәаби Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач зхадараҿы дыҟоу аделегациа алахәылацәеи Аԥсни Урыстәылеи рсоциал-економикатә усеицура иалацәажәеит. Абри атәы аанацҳауеит аинформациатә маҵзура "Апсныпресс".

Аԥыза-министр ихаҭыԥуаа, афинансқәа рминистр Владимир Делбеи аекономика аминистр Кристина Озгани афинанстә цхыраараҟынтәи аекономика аусхк иазырхаз 200 миллион мааҭ рхы ишадырхәаз атәы еиҭарҳәеит.

Владимир Делба иара убасгьы иҳәеит 2022 шықәсазтәи ацхырааратә ԥарақәа абиуџьет аусзуҩцәа рулафахәы ашьҭыхра иазырхахоит ҳәа, иҳәеит 2019-2021 шықәсқәа рзтәи агәаҭарақәа раан иаарԥшыз аилагарақәа рҭышәныртәалара шцо атәы.
Кристина Озган дазааҭгылеит Аинвестпрограммақәа рҳәаа иҭагӡаны уаанӡа иазгәаҭаз ауснагӡатәқәа шынарыгӡо, 2023-2025 шықәсқәа рызтәи Аинвестпрограмма анагаӡара шазгәаҭо.
Аилацәажәараан аԥсуа-аурыс усеицура иазку егьырҭ азҵаарақәагьы шьҭыхын, аиҳаракгьы агәабзиарахьчареи асоциалтә усхкқәеи. Аганқәа ԥхьаҟагьы аҵакы змоу азҵаарақәа рганахь ала ишеинырло атәы рҳәеит.
Аԥсны
Дмитри Вольвач Аинвестпрограмма ахарџьқәа рыла еиҭашьақәдыргыло аобиектқәа дырҭааит