Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Дмитри Вольвач Аинвестпрограмма ахарџьқәа рыла еиҭашьақәдыргыло аобиектқәа дырҭааит

© Foto / пресс - служба Кабинета Министров РА В Абхазию с рабочим визитом прибыла делегация Минэкономразвития Российской Федерации
 В Абхазию с рабочим визитом прибыла делегация Минэкономразвития Российской Федерации - Sputnik Аҧсны, 1920, 29.06.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач зхадараҿы дыҟоу аделегациа Аԥсны иаҭааит рашәара 28 рзы.
АҞӘА, рашәара 29 - Sputnik. Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвачи аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, Аекономика аминистр Кристина Озгани Аинвестпрограмма ахарџьқәа рыла еиҭашьақәдыргыло аобиектқәа ирҭааит ҳәа азгәаҭоуп асоциалтә ҳақәа рҿы Кристина Озган лдаҟьаҿ.
Аделегациа Гәылрыԥшь араион Кациқыҭ зыргылара иаҿу агәамсамеизакырҭа, астанциа маҷ "Алаҳаӡы", Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза иаҭааны ирбеит.
Анаҩс аделегациа Аҟәаҟа ихынҳәит. Уа еиԥылеит Дмитри Вольвачи Аслан Бжьаниеи.
Президент Абхазии Аслан Бжания встретился с замминистра экономического развития России Дмитрием Вольвачем. - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.06.2022
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Урыстәыла аекономҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач диԥылеит
Гәылрыԥшь араион Кациқыҭ зыргылара иаҿу агәамсамеизакырҭа, 2020-2022 шықәсқәа рызтәи апрограмма ахарџьқәа рыла аргылара мҩаԥысуеит.
2022 шықәса мшаԥымзазы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиаразы Аинвестпрограмма 2023-2025 шықәсқәа рызтәи аԥаразоужьратә зыԥҵәа шьақәдыргылеит 4,05 миллиард мааҭ рҟынӡа.
Арахь иаҵанакуеит абиуџьет аусзуҩцәа руалафахәы, абизнес маҷ акредитзоужьра апрограмма арҿиара, ақыҭанхамҩа арҿиара уҳәа убас егьырҭгьы.
Аинвестпрограмма ҿыц иалагалоуп ареспубликатә хәыҷтәы хәшәтәырҭа аргылара, Гәдоуҭа аӡыцрыҵқәа ррыцқьаратә хархәагақәа рыргылара, Гагра аӡцарҭақәа рышьҭаҵара, Ԥсоу-Аҟәа амҩаду лашарала аиқәыршәара, астанциа маҷқәа аремонт рзура.
В кабмине обсудили проект новой инвестпрограммы  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.04.2022
Аԥсны
Аԥсны аиҳабыраҟны аинвестпрограмма апроект ҿыц иалацәажәеит
Ажәабжьқәа зегьы
0