Аԥсны

Аҳҭнықалақь ахәҭаки Аҟәа араиони ӡыдеи лашарадеи иаанхоит ԥхынгәы 1 азы

Афымцеихшарҭа "Аҟәа-2" абонентцәа ф-сааҭк фымцалашарада иҟазаауеит, аҳҭнықьалақь ауааԥсыра реиҳараҩык ӡыда иаанхоит асааҭ 18:00-нӡа.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 30 – Sputnik. Аҟәа араион мраҭашәаратәи ахәҭа фымцалашарада иҟазаауеит ахәаша ԥхынгәы 1 азы, абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч" апресс-маҵзура.
"Аҟәа-2" аҟны имҩаԥырго арҽеиратә-аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирхырҟьаны афымцалашара дырцәоит асааҭ 10:00 инаркны 16:00-нӡа. Лашарада иаанхоит Аҳабла ҿыц, Ачадара, Алашарбага.
Ԥхынгәы 1 азы афымца арцәара иахҟьаны аӡыржәтә аанкылахоит асааҭ 10:00 инаркны 18:00-нӡа. Ӡыда иҟазаауеит Аҳабла ҿыц, Ажәытә ҳабла, Колос, Адыгаа рымҩа, Вием, Алашарбага, аџьармыкьа, ақалақь агәҭеи ашьхара иахьаԥнуи.