Аԥсны

Аԥсни Урыстәылеи аекономикатә усқәа рзы аӡбамҭақәа разхаҵаразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

X Петербургтәи афорум аҿы аиқәшаҳатра рнапы аҵарҩит Аԥсны аиустициа аминистр Анри Барцыци урыстәылатәи иколлега Константин Чуиченкои.
Sputnik
АҞӘА, Рашәара 30 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи риустициа аусбарҭақәа "Аекономикатә усқәа рзы аӡбарҭақәеи абжьаҟазаратә ӡбамҭақәеи разхаҵареи рынагӡареи" рзы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аиустициа аминистрра.
Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны аганқәа наҟ-ааҟ еицазхарҵоит, иагьынарыгӡоит анаплакытә ма аекономикатә уск аан атәылауаа ирызцәырҵыр ауа аимакқәа рзы аӡбарҭақәеи абжьаҟазаратә ӡбарҭақәеи рыӡбамҭақәа.
Иара убасгьы Х Петербургтәи аиуристтә форум (ПМИуФ) аҟны Аԥсны аиустициа аминистр Анри Барцыци Аахыҵ Уаԥстәыла аиустициа аминистр Олег Гаглоевы еиԥылеит.
Аганқәа алацәажәеит аусбарҭақәа рыбжьара еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аусеицура аԥеиԥшқәа, иазгәарҭеит, аминистррақәа рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭра анапы анаҵаҩхалак ашьҭахь еиҳа ишеилкаахо иҟаҵатәу ашьаҿақәа ртәы.
Аиустициа аминистрраҿы акоррупциа иаҿагыло аекспертизақәа мҩаԥгахалоит
ПМИуФ мҩаԥысуеит рашәара 29 инаркн ԥхынгәы 1-нӡа. Афорум ахықәкқәа иреиуоуп еиуеиԥшым атәылақәа рзинтә система ахырхарҭаҟны аусеицура аиӷьтәра, азин, аҳәынҭнапхгараҭара, аекономика русхкқәа рҟны ацифратә технологиақәа рырҿиара.
Аԥснынтәи афорум иалахәын Аиустициа аминистр Анри Барцыци Аӡбарҭақәа рыӡбрақәа рынагӡаҩцәа рмаҵзура анапхгаҩы Зураб Барцыци.
Арадио
Кәыҵниаԥҳа аӡбарҭақәа автоматизациатә системахь риагаразы: мап ацәаҳкуам, аха аамҭа аҭахуп