Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Кәыҵниаԥҳа аӡбарҭақәа автоматизациатә системахь риагаразы: мап ацәаҳкуам, аха аамҭа аҭахуп

Кәыҵниаԥҳа аӡбарҭақәа автоматизациатә системахь риагаразы: мап ацәаҳкуам, аха аамҭа аҭахуп
Анапаҵаҩра
Аԥсны азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа рҿы аӡбарҭа-информациатә система алагаларазы аус ахьынӡанагоу, иарбоу аҽҳәарақәа иахьӡоума, феидас иалоу атәы арадио Sputnik аефир аҟны еиҭалҳәеит Арбитражтә усӡбарҭа ахантәаҩы Фатима Кәыҵниаԥҳа.
Аԥсны Апарламент аӡбарҭақәа рцифратә система азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа рҿы алагалара аҿҳәара инахеит 2023 шықәсанӡа.
2012 шықәсазы ихацыркыз аӡбарҭатә система аиҭакрақәа раан еиҳа ихадароу акәны аус адулара иалагеит аӡбарҭақәа рҿы аӡбарҭа-аинформациатә система, аха иара алагалара акырынтә иахыргахьан.
Апарламент ақәҵара инақәыршәаны ажьырныҳәа 1 2023 шықәса нахыс АСИС алагалахоит Арбитражтәи Аконституциатәи аӡбарҭақәа рҿы аусқәа рыхәаԥшраан аӡбаҩцәа ралкааразы, иара убас азеиԥш иурисдикциа иаҵанакуа аӡбарҭақәа рҿы аӡбарҭатә еилатәарақәа рҟны абжьии асахьаҭаҩратәи атехника ахархәаразы.
"Ишдыру еиԥш, 2015 шықәсазы ҳтәылаҟны ирыдыркылеит Аԥсны аусӡбаратә мчразы азакәан. Ари аӡбаратә система аиҭакра аҳәаа иҭагӡаны ирыдыркылаз ауп. Усҟан ирыӡбеит аӡбаратә система автоматизациа азура. Уи имариоу усӡам, иаҭахуп имаҷымкәа ахарџь, убасгьы аамҭа. Аспециалистцәа АСИС (Аӡбарҭақәа автоматизациатә аӡбарҭа-информациатә системахь риагара) атәы здыруа аҭахуп. Уи иаанагаӡом акомпиутерла мацара аиқәыршәара. Ари атехнологиа ҳаракқәа ахархәара рыҭароуп аӡбаратә системаҟны. Апарламент ахь ашәҟәы ҳашьҭит, аҳәара ҟасҵеит аспикер ихьӡала аамҭа ҳарҭарц. Ҳалагахьеит уи аҟаҵара, аха аамҭа рҭахуп аспециалистцәа", - лҳәеит аӡбаҩ.
Аицәажәара иаҳа инарҭбааны ишәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны.
Ажәабжьқәа зегьы
0