Аԥсны

Бжьаниеи Маслови Аҟәа еиԥылеит

Аҳәаанырцәтәи атәылақәа рыҽрымадаразы арегионалбжьаратәи акультуратә еимадарақәеи рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа аиҳабы Игор Маслов зхадараҿы дыҟоу урыстәылатәи аделегациа Аԥсны иааны иҟоуп.
Sputnik
АҞӘА, рашәара 30 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Аҳәаанырцәтәи атәылақәа рыҽрымадаразы арегионалбжьаратәи акультуратә еимадарақәеи рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа аиҳабы Игор Маслови еиԥылеит.
Маслов иҳәеит Аԥсны дшыҟаз 15 шықәса раԥхьа, ари аамҭа иалагӡаны атәылаҟны иҟаҵо рацәоуп ҳәа. Иазгәеиҭеит, урыстәылатәи аинвесторцәа рымчала зыргылара иаҿу ахыбрақәа дшырҭааз, анапхаҩцәеи аргылаҩцәеи дышрыҿцәажәаз.
Ахәашаҽны, ԥхынгәы 1 азы Жәлар Реизара аиҳаби иареи аусуратә еилацәажәарақәа мҩаԥыргараны иҟоуп.
"Аԥсны аҿиареи аҭышәынтәалареи роуп ихадаратәу, 2025 шықәсазы афедералтә округ арбагақәа ирышьашәало иҟалароуп. Еицаҳзеиԥшу усуп- аҿиара иаԥырхагоу аԥырҟәҟәаара", - иҳәеит иара.
Бжьаниа Маслов иҭабуп ҳәа иаҳәо Аԥсны Абанк иҭнажьыз Искандер иҩымҭақәа рфырхацәа ирызку аԥараҿырԥқәа ҳамҭас ииҭеит.
Бжьаниеи Маслови Аҟәа еиԥылеит
Аҳәаанырцәтәи атәылақәа рыҽрымадаразы арегионалбжьаратәи акультуратә еимадарақәеи рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа аиҳабы Игор Маслов зхадараҿы дыҟоу урыстәылатәи аделегациа Аԥсныҟа иааит рашәара 30 азы. Аурыс-аԥсуа ҳәааҟны Аԥсны аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба аҳәаа ахысра армариаразы иҟаҵатәу азҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥыргеит.
Аԥсны
Гәынбеи Маслови аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысра армариара иалацәажәеит