АҞӘА, рашәара 30 – Sputnik. Аҳәаанырцәтәи атәылақәа рыҽрымадаразы арегионалбжьаратәи акультуратә еимадарақәеи рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа аиҳабы Игор Маслов зхадараҿы дыҟоу урыстәылатәи аделегациа Аԥсны иааны иҟоуп. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аурыс-аԥсуа ҳәааҟны асасцәа дырԥылеит Аԥсны аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба. Уи ашьҭахь аҳәаа ахысра армариаразы иҟаҵатәу азҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥыргеит. Аилатәара иалахәын АШәА ахантәаҩы Роберт Киут, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа аусқәа рзы аамҭалатәи агәрага Мақсим Литвинов, аекономика аминистр лхаҭыԥуаҩ Ҭеимураз Амқәаб, Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алиас Лабахәуа.
Аилацәажәара ашьҭахь Гагра араион ахада Иури Хагәышь инапхгарала аделегациа аҭааит урыстәылатәи аинвесторцәа рымчала зыргылара иаҿу ахыбрақәа.
Лаҵарамза алагамҭазы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа аурыс-аԥсуа ҳәаа ахысра армариаразы аусутә гәыԥ аԥҵазарц анапынҵа ҟаиҵеит, уи напхгара аиҭоит аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба. Аҳәаа ахысра армариаразы аусутә гәыԥ актәи аилатәара мҩаԥан лаҵара 12 азы.