Аԥсны

Амшцәгьа иахҟьаны астанциа маҷ "Аҟәа-2" аремонт ахыгоуп

Уаанӡа адырра ҟаҵан Аҟәа ақалақьи Аҟәа араиони руааԥсыра лашарадеи ӡыдеи иаанхоит ҳәа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 1 - Sputnik. Астанциа маҷ "Аҟәа-2" аҟны ԥхынгәы 1 азы излагараны иҟаз аремонттә усурақәа амшцәгьа иахҟьаны иахыргеит. Абри атәы аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".

Алашара дырцәарц ргәы иҭан асааҭ 10:00 - 16:00 рзы Аҟәа мраҭашәаратәи ахәҭа, Араион ҿыц, Ачадара, Алашарбага рҿы.

Уи адагьы, асааҭ 10:00 - 18:00 рзы Араион ҿыц, Ажәытә ҳабла, Колос, Адыгаа рымҩа, ВИЕМ, ақалақь агәы, ашьхара иахьаԥну, Алашарбага араион рҿы аӡы ҟалом ҳәа адырра ҟаҵан.
Убри аан иахьа ӡыда иҟоуп Аҟәа мрагыларатәи ахәҭа ауааԥсыра: Кәыдрытәи амҩаду, Турбаза, аишьцәа Занҭариаа рымҩа, Аԥсилаа рымҩа, Ҷанба имҩа Вавилов имҩаҿ аӡымҩангага аремонт ахьазыруа азы. Аӡы аушьҭхоит асааҭ 18:00 рзы.