АҞӘА, ԥхынгәы 1 – Sputnik. Владимир Путин инапынҵала имҩаԥысит Украинеи Урыстәылеи рыбжьара атҟәацәа реимдара ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Рашәара 29 рзы 144-ҩык урыстәылатәи атҟәацәеи 144-ҩык украинатәи атҟәацәеи еимырдеит. Ари еиҿкаахеит Акомандаҟаҵаҩ хада идҵала. Ҳаибашьцәа, ДЖәР, ЛЖәР реибашьцәа ргәабзиареи рыԥсҭазаареи реиқәырхара ҳара ҳзы зегь иреиҳау аҵакы рымоуп", - иҳәеит аинрал-леитенант Конашенков.
Иара иҳәеит зых иақәиҭтәу рыбжьара ихәу, амедицинатә цхыраара зҭаху шырацәаҩу.
Уаанӡа Аҳәынҭқарратә Дума аиҳабы Виачеслав Володин иҳәахьан итҟәоу ҳсолдаҭцәа ишауала рхақәиҭтәра аус шадулатәу. Абаталион "Азов" иатәу украинатәи амилаҭеилыхцәа ракәзар, рықәнага рыхьӡоит.
Урыстәыла жәабран 24 раахыс Украина аоперациа ҷыда амҩаԥгара иаҿуп. Владимир Путин иажәақәа рыла, иара иахықәкуп Донбасс ауааԥсыра киевтәи арежим аҟынтәи рхы рақәиҭтәра.