АҞӘА, ԥхынгәы 1 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Аҳәаанырцәтәи атәылақәа рыҽрымадаразы арегионалбжьаратәи акультуратәи еимадарақәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа ахада Иусбарҭа аиҳабы Игор Маслови Владислав Арӡынба ихьӡ зху аҟәатәи аҳаиртә баӷәаза иаҭааит.
Абаӷәаза аиҳабы Виачеслав Ешба иҳәеит ашьҭыԥрааратә цәаҳәа аура 3640 метра ишыҟоу, аныҟәаратә магистралтә мҩақәа ҩбеи, ақәҵәиаарҭатә магистралтә мҩақәа хәбеи шамоу.
"Адренажтә система бзиоуп. Аӡы ықәӡам, аӡыршьҭрақәа еиқәханы иҟоуп, афымцахыҵхырҭақәагьы ҩба аус руеит", - иҳәеит иара.
Аекономика аминистр Кристина Озган иазгәалҭеит уажәазы ишымҩаԥысуа анорматив-зинтә база ашьақәыргылара, аԥыррақәа реиҿкаараан аҭагылазаашьақәеи аҭахрқәеи еиқәзыршәо.
"Аиҳабыра рахь инашьҭуп аҳаиртә ныҟәара аиҿкааразы аиқәшаҳаҭра апроект. Аусурақәа мҩаԥгоуп аҳаиртә баӷәаза аҵакыра зегьы аҭагылазаашьазы – аминақәеи егьырҭ ашәарҭара змоу амаҭәарқәеи рыҟазааразы. Аусурақәа хыркәшоуп, Атәылахьчара аминистрра иаданакылахьеит", - лҳәеит лара.
Озган лажәақәа рыла, Урыстәыла атранспорт аминистрреи Росавиациеи аԥыррақәа еиҿызкаауа аҟазауааи аԥрыҩцәеи разыҟаҵаразы аплан аус еицадырулоит. Аҵарахьы рдәықәҵаразы иалкаау акандидатцәа рсиа урыстәылатәи аган иаҭоуп.
"Шықәсык аҩнуҵҟа иазҳархиароуп адокументқәа зегьы, нас аекспертизахь рышьҭразы. Аҳәынҭқарратә експертиза мҩаԥгахоит Урыстәыла", - лҳәеит Озган.
Аслан Бжьаниа иҳәеит апроект усурақәа рыграфик аиҵархара шалымшо.
"Еиҵахарак ҟалар, иаразнак азхьаԥшра аҭахароуп, избанзар аамҭа акраҵанакуеит. Аинвестор ихыдҵақәа ианаамҭоу инеигӡароуп", - иҳәеит иара.
Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза ргылан 1960-тәи ашықәсқәа рзы. Иара 18 километра Аҟәа иазааигәоуп, Бабышьра аҳаблаҿы иҟоу. 1990-тәи ашықәсқәа рҟынӡа арантәи аҳаирпланқәа ԥыруан СССР ақалақьқәа жәпакы рахь. Аԥхынразы уахыки-ҽнаки рыла имҩаныргон хә-нызқьҩык рҟынӡа апассаџьырцәа. Иара аусура аиҭаларгараз ауснагӡатәқәа нап ддыркит 2018 шықәсазы апроект-сметатә документациаз аинвестор дадԥхьаналаны.