Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла атәылахьчара аминистрра: Украина ракетала Белгороди Курски ирылахысит

УАМ ԥхынгәы 2-3 руха Белгород ианалахыс, 39 хатәыҩны иреиҵамкәа ааха рыҭан, урҭ рахьтә хәба шьаҭанкыла иқәыцҟьан, уи адагьы, аҩнеихагылақәа 11 ааха рыҭан.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 3 - Sputnik. Киевтәи арежим акассетатә џьаԥҳаны змаз абаллистикатә ракетақәа "Точка-У", аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа Ту-143 "Рейс" рыла Белгороди Курски ауаа реиланхарҭақәа ирылахысит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра.
Аусбарҭа аофициалтә хаҭарнак Игорь Конашенков иазгәеиҭеит иахьалахысыз аҭыԥқәа рҿы арратә обиектқәа шыҟам.
"Инаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп ракетала урыстәылатәи ақалақьқәа рҿы хықәкыла аҭынч уааԥсыра ирылахысырц шырҭахыз", - иҳәеит Конашенков.
Украинатәи абаллистикатә ракетақәа рыхԥагьы урыстәылатәи аҳауаҿыгалартә мчра асистемақәа рыла иԥжәан, аха урҭ рыԥҽыхақәа Белгород ҩнык иақәҳаит.
Аракетақәа рыда, Урыстәылааҳауаҿыгалартә мчра асистемақәа икарыжьит артҟәацгақәа зқәыз аԥырҩы дызҭам аҳаирпланқәа Ту-143 "Рейс" ҩ-цырак.
Абыржәтәи аамҭазы еилкаауп ԥшьҩык шҭахаз, урҭ рахьтә аӡәы Урыстәыла датәылауаҩуп, хҩык - Украина. Ԥшьҩык аахақәа роуит, хәыҷыкгьы убрахь дналаҵаны.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Белгород ҩынҩажәа ҩны инареиҳаны ааха рыҭоуп Украинатәи арбџьармчқәа аналахысыз ашьҭахь
Арратә операциа ҷыда иалагеижьҭеи УАМ изныкымкәа Белгородтәии Курсктәии аобластқәа ирылахысхьеит.
Белгородтәи аобласт украинатәи аҳәаа иахьазааигәоу азы атеррористтә шәарҭаразы аҩаӡара "ҩежь" арежим алагалан, уи изныкымкәа аҿҳәара иацырҵон, аҵыхәтәан - ԥхынгәы 9-нӡа.