Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Белгород ҩынҩажәа ҩны инареиҳаны ааха рыҭоуп Украинатәи арбџьармчқәа аналахысыз ашьҭахь

Белгородтәи аобласт аҿы атеррористтә шәарҭаразы аҩаӡара "ҩежь" арежим алагалоуп - аҳәаа иаԥну аиланхарҭақәа изныкымкәа Украинатәи арбџьармчқәа рылахысхьеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 3 - Sputnik. Белгород 39 хатәыҩны иреиҵамкәа ааха рыҭоуп, урҭ рахьтә хәба шьаҭанкыла иқәыцҟьоуп, уи адагьы, аҩнеихагылақәа 11 ааха рыҭоуп, абри атәы ааицҳаит Белгородтәи аобласт агубернатор Виачеслав Гладков иофициалтә Telegram-канал аҿы.
Абыржәтәи аамҭазы еилкаауп хҩык шҭахаз, ԥшьҩык аахақәа шроуз. Урҭ рахьтә зҭагылазаашьа бааԥсу ҩыџьа ахацәеи 10 шықәса зхыҵуа ахәыҷи ахәшәтәырҭахь инагоуп.
Агәылара иҟоу амҩақәа рҿы асаркьақәа ԥҽуп, автомашьынақәакгьы аахақәа рыҭоуп.
Гладков иажәақәа рыла, аҳауаҿагыларатә хьчара асистема аус ауит.
Аҳауаҿагыларатә хьчара асистема аус шауз атәы иҳәеит Курсктәи аобласт агубернатор Роман Старовоитгьы - Курск иазааигәахаз аԥырҩы дызҭам украинатәи ҩ-ҳаирпланк "Стриж" аҳауаҿы иреихсны икарыжьит. Аӡәгьы ааха имоуит.
Белгородтәи аобласт украинатәи аҳәаа иахьазааигәоу азы атеррористтә шәарҭаразы аҩаӡара "ҩежь" арежим алагалан, уи изныкымкәа аҿҳәара иацырҵон, аҵыхәтәан - ԥхынгәы 9-нӡа.
Арратә операциа ҷыда иалагеижьҭеи УАМ изныкымкәа Белгородтәии Курсктәии аобластқәа ирылахысхьеит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Белгородтәи аобласт ианалахысуаз аӡәы дҭахеит, хҩык ахәрақәа роуит