АҞӘА, ԥхынгәы 4 – Sputnik, Бадри Есиава. Америкатәи аԥарԥалыкь ҩаԥхьа Гәдоуҭа араион ақыҭақәак рҿы ицәырҵит ҳәа иҳәеит Гәдоуҭа араион ахадараҿ есымчыбжьатәи аилацәажәараҟны ақыҭанхамҩа аҟәша аиҳабы Иури Кәарацхьелиа.
Аԥарԥалыкь рбеит ақыҭақәа Хыԥсҭа, Џьырхәа, Мгәыӡырхәуа, Абӷархықә, Аҷандара.
"Амармалташь пти америкатәи аԥарԥалыкьи рықәхразы 1,5 тонна инареиҳаны ахәшә ақыҭақәа ирзеихшоуп. Даҽа 300 кьыла ҳамоуп. Уажәнатә аусурақәа мҩаԥгамхар, нанҳәамзазы ауадаҩрақәа ҳзыԥшуп. Иара убасгьы рхыԥхьаӡара рацәахеит амармалташь птқәа. Урҭ макьана иссоуп. Аԥырра иалагаанӡа иқәхтәуп", - иҳәеит иара.
Араион ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба иажәақәа рыла, ааԥынреи рашәарамзеи иахьӡысаамҭаз азы арҭ амаҵақәа рыҽцәырыргомызт, аха, ианыԥхарраха, ицәырҵит. Иара ақыҭанхамҩа аҟәшеи ақыҭақәа рхадацәеи анапынҵа риҭеит апроблема аӡбараз ауснагӡатәқәа рыдыркыларц.
Америкатәи аԥарԥалыкь аԥхасҭа ду ҟазҵо акарантин иаҵанакуа хәаҷоуп. Иара 1960-тәи ашықәсқәа рзы Амшын еиқәа аԥшаҳәахьы иқәнагалеит. Аԥхасҭа рнаҭар алшоит 300 рҟынӡа ҵиаахк. Амармалташь пты акәзар, арахь иаанагеижьҭеи ԥшьбаҟа шықәса роуп иҵуа. Аԥхасҭа ӷәӷәа рнаҭоит ашәыр, ауҭраҭых уҳәа егьырҭ аҵиаақәа. Аекологцәа ишырҳәо ала, амаҵа ареспубликаҿ еснагь иҟоуп, аха аамҭа-аамҭала еиҳа иалаҵәоит.