Аԥсны

Бжьаниа Џьансыхә Адлеиба изеиҭеиҳәеит абылтәы ахәԥса аҭышәныртәаларазы аусмҩаԥгатәқәа ртәы

Бжьаниа рашәара 28 рзы днеит Џьансыхә Адлеиба амлашьратә акциа ахьымҩаԥигоз Ахақәиҭра Ашҭаҿы, абылтәы ахәԥса ашьҭыҵра мзызс иамоу изеиҭеиҳәарц, атәыла аиҳабыра урҭ рҭышәныртәаларазы иҟарҵо иеиҳәарц.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 4 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа дидикылеит абылтәы азы ахәԥса ладырҟәырц азы 17 мшы имлашьуаз активист Џьансыхә Адлеиба.
Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада иофициалтә саит.
Аиԥылара далахәын Жәлар Реизара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Аршба.
Иҳаҩсыз амҽыша рашәара 28 рзы Бжьаниа Адлеиба ахада Иусбарҭахь ааԥхьара ииҭеит анефҭаалыҵқәа рыхәԥса аҭышәныртәаларазы аусмҩаԥгатәқәа зеиԥшроу иирдырырц. Ахада ауаажәларратә усзуҩ ажәа ииҭеит ҩымчыбжьа ирылагӡаны абылтәы ахәԥса ишагхо. Убри ашьҭахь Џьансыхә Адлеиба амлашьра даҟәыҵит.