Арадио

Кәарцхьиа: аԥсуа ича - абысҭоуп

Дәрыԥшьтәи анхаҩ нага Алхас Кәарцхьиа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аӡахәааӡара, ауҭраҭых аарыхра инапы шалаку, ақыҭаҟны аҭаацәа рҳәоу еиқәшәаны аус анеицыруа алҵшәа шамоу, игәы иаланы иҳәеит ақыҭаҿы аџьықәреи аарыхраҵәҟьа иаҟәыҵыз шмаҷым.
Sputnik
Ақыҭа – нхарҭа ҭыԥуп. Ақыҭа иахьатәи аԥсҭазаашьеи уаҵәтәи аԥеиԥши иацу адоуҳаи, иҟоу ауадаҩрақәеи ҳрылацәажәоит. Аԥсуа қыҭа азхьаԥшразы иҟаҵатәу азы ргәаанагара рҳәоит уи иадҳәалоу ауаа.
Аицәажәара шәаҳар шәылшоит аудиофаил аҟны хыхь.