Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Захарова Белгород иалахысуаз украинатәи амчқәа рхықәкы далацәажәеит

Киевтәи арежим акассетатә џьаԥҳаны змаз абаллистикатә ракетақәеи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа Ту-143 рылеи Белгороди Курски ирылахысит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 4 - Sputnik. Киев Урыстәыла аҭак аҟаҵараз иарцыхцыхырц аҭынч уааԥсыра реиланхарҭақәа ирылахысит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости? Урыстәыла ААР аофициалтә хаҭарнак Мариа Захарова аканал "Россия 24" иалҭаз аинтервиу шьаҭас иҟаҵаны.
Захарова илҳәеит ари аҩыза аҭагылазаашьа уаанӡагьы ишыҟаз, иазгәалҭеит мраҭашәаратәи анапхгаҩцәа ари шрыҵанаҳәо.

"Асеиԥш рхы мҩаԥыргоит аҭак ҳдырҟаҵарц азы, анаҩс иҟалалак зегьы Урыстәыла иахарарҵарц азы", - лҳәеит Захарова.

Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭала, аракетатә жәылара заа ргәы иҭакноуп ишымҩаԥыргаз, хықәкыс ирымазгьы аҭынч уааԥсыра роуп.
Белгородтәи аобласти Курск ақалақьи аоперациа ҷыда ианалага ашьҭахь изныкымкәа ирылахысхьеит Украина аганахьынтә. Иацы ааха рыҭан 40 рҟынӡа хыбраҩны.
Иҭахеит ԥшьҩык Белгород ақалақь аҿы. Урҭ руаӡәк Урыстәыла датәылауаҩуп, хҩык - Украина. Хәыҷык дназлаз аҽа ԥшьҩык аахақәа роуит, ҩыџьа хабарда иӡит.
Ахҭыс инадҳәаланы Урыстәыла ашьаусҭҵааратә еилакы ашьаус хацнаркит.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла атәылахьчара аминистрра: Украина ракетала Белгороди Курски ирылахысит