Аԥсны

Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит ахаша ԥхынгәы 6 рзы

Ԥхынгәы 6 асааҭ 10:00 - 18:00 рзы ақалақь ахәҭак ӡыда иаанхоит
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 5 - Sputnik. Аҳҭнықьалақь ахәҭак ауааԥсыра реиҳараҩык ӡыда иаанхоит уаҵәы, ԥхынгәы 6 азы ҳәа аанацҳауеит "Аӡыршьҭра" апресс-маҵзура.
Ԥхынгәы 6 азы аӡыржәтә аанкылахоит Аҳабла ҿыц, Ажәытә ҳабла, Колос, Адыгаа рымҩа, Вием, Алашарбага, аџьармыкьа, ақалақь агәҭеи ашьхара иахьаԥнуи.
"Аӡыршьҭра" аҟны ирҳәоит аӡы аанкылара аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ирхырҟьаны афымцалашара арцәара ишадҳәало.