Аԥсны

Аслан Бжьаниа Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура Иҷыдоу анапынҵақәа рцентр аусушьа гәеиҭеит

Атәыла ахада Иҷыдоу анапынҵақәа рцентр аусзуҩцәа рпрофессионалтә зыҟаҵара аҩаӡара гәеиҭеит, иара убас егьырҭ аусбарҭақәеи дареи русецуразы иҟаҵатәу азҵаарақәа рылацәажәаразы аилатәара имҩаԥигеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 5 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура Иҷыдоу анапынҵақәа рцентр аусушьа гәеиҭеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аилацәажәараҿы иазааҭгылеит Ацентр аҟны иҟоу аҭагылазаашьа, атәыла ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит АШәМ-и егьырҭ азинхьчаратә усбарҭақәеи араионтә напхгараҭарақәеи русеицура шырӷәӷәатәу.
Уи адагьы, иахьа атәыла аҩнуҵҟеи акәша-мыкәшеи иҟоу ашәарҭара аамҭазы Иҷыдоу анапынҵақәа рцентр аусзуҩцәа рпрофессионалтә зыҟаҵара аҩаӡара аизырҳара иалацәажәеит.