Аԥсны

Бзыԥҭа ақыҭа анхаҩы хабарда дыбжьаӡит

Сергеи Нубариан ԥхынгәы 1 азы ԥсыӡкра дцеит, хымш ҵуеит ихабар ыҟамижьҭеи.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 6 - Sputnik. Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрра иатәу зышәагаа маҷу аӷбақәа рхылаԥшарҭеи Гагратәи аԥшаара-аиқәырхаратә ҟәша аусзуҩцәеи ԥшьымш ҵуеит Бзыԥҭа ақыҭа анхаҩы Сергеи Нубариан ишьҭоуижьҭеи. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АҶА.
Ԥхынгәы 1 азы 40 шықәса зхыҵуа Нубариан ԥсыӡкра дцеит, уажәраанӡа ихабар ыҟаӡам.
Аусбарҭаҟны ирҳәоит, ԥхынгәы 1 азы илеиз ақәа иахҟьаны аӡиас Бзыԥ аҽышьҭнахит.
Нубариан дшыӡыз азы аҭыԥантәи анхацәа ирылаҳәоуп, аԥшаарақәа ирҿуп, аха макьаназы илҵшәадоуп.
Аԥсны
Аекскурсиатә автобус аԥаҩ иаҿҟьахьан Аԥсны