Урыстәыла аладатәи ахәҭахьы аԥыррақәа аамҭалатәи аԥкрақәа ирыцырҵеит

Урыстәылатәи аҳаиртә еилахәырақәа апассаџьырцәа альтернативтә маршрутқәа рыла рныҟәара еиҿыркаауеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 5 – Sputnik. Урыстәыла агәҭеи аладатәи ақалақьқәеи рахь аԥырразы иалагалаз аԥкрақәа рыҿҳәара иацҵоуп ԥхынгәы 12 аҟынӡа, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости Росавиациа.

Зусура ԥку аҳаирбаӷәазақәа ирыҵанакуеит Анапа, Белгород, Брианск, Воронеж, Геленџьықь, Краснодар, Курск, Липецк, Ростов-на-Дону, Симферополь, Елиста.

Апассаџьырцәа рырманшәаларазы урыстәылатәи аҳаиреилахәырақәа еиҿыркаауеит даҽа хырхарҭамҩақәак рхы иадырхәарц, иаҳҳәап, Шәача, Волгоград, Аминералтә ӡқәа, Ставрополь, Москва.
Егьырҭ урыстәылатәи аҳаирбаӷәазақәа зегьы абжьааԥаны еиԥш аус руеит.
Росавиациа аԥкрақәа аланагалеит жәабран 24 инаркны, Украина аоперациа ҷыда ианалага ашьҭахь, уи аахыс изныкымкәан аҿҳәара иацырҵахьеит.