Аԥсны

Аслан Бжьаниа зыԥсҭазаара иалҵыз Заур Адлеиба иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит

Ахьӡ-Аԥша аорден III аҩаӡара, ҩынтә Леон иорден занашьоу Заур Адлеиба иԥсҭазаара далҵит 70 шықәса дшырҭагылаз.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 6 – Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа зыԥсҭазаара иалҵыз Ахьӡ-Аԥша аорден III аҩаӡара, ҩынтә Леон иорден занашьоу Заур Адлеиба иуацәеи иҭынхацәеи дрыдышшылеит. Абри атәы аанацҳауеит ахада исаит.
"Гәалсра дула сшәыдышшылоит Заур Қыбеи-иԥа Адлеиба иԥсҭазаара иалҵра инамаданы", - ҳәа аҳәоит адышшылара атекст аҿы.
Бжьаниа иазгәеиҭеит Заур Қыбеи-иԥа зтәылауаҩратә позициа ӷәӷәаз патриот иашаны дшыҟаз.
"Иара иԥсҭазаара зегьы Аԥсадгьыли аԥсуа жәлари рымаҵ аура иазкын. Заур Қыбеи-иԥа дыздыруаз зегьы есқьынгьы игәалашәара лаша рыцзаауеит", - ҳәа азгәеиҭоит ахада.
Аԥсны
Заур Адлеиба иԥсҭазаара далҵит 70 шықәса дшырҭагылаз
Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Аԥсадгьыл ахьчараз игылаз дыруаӡәкын Зураб Қыбеи-иԥа.1992 шықәса абҵарамза инаркны Мықәтәи абаталион "Каскад" адҵаҟаҵаҩыс дыҟан, 1993 шықәса ԥхынгәымза инаркны атехникеи абџьари рганахьала Мрагыларатәи афронт адҵаҟаҵаҩ ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.
Ахьӡ-Аԥша аорден III аҩаӡара, ҩынтә Леон иорден ианашьан. 2007 - 2012 шш. рзы – Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент адепутатс далхын, 2013 шықәса ԥхынгәы 10 раахыс АА АП аудиторс аус иуан.
Арадио
Торчуа Заур Адлеиба изы: иажәеи инапи ахьынӡанаӡоз аибашьцәа дрыцхраауан