Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Торчуа Заур Адлеиба изы: иажәеи инапи ахьынӡанаӡоз аибашьцәа дрыцхраауан

Торчуа Заур Адлеиба изы: иажәеи инапыи ахьынӡанаӡоз аибашьцәа дрыцхраауан
Анапаҵаҩра
Иԥсҭазаара далҵит Апарламент уаанӡатәи адепутат, Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, ҩынтә Леон иорден занашьоу Заур Адлеиба. Аԥсны Агәаҭаратә палата аҟны аус ицызуаз Беслан Торчуа Sputnik арадиоефир аҿы иҩыза дигәалаиршәон.
Беслан Торчуа аиҿцәажәараҿы иҳәеит, Заур Адлеиба зус ииашаны иазнеиуаз уаҩны дшыҟаз атәы.
"Еснагь аиаша иазықәԥоз, зԥышәа зхы иазырхоз, ҳаргьы иҳаҵеиҳәоз маҷым. Ажәлар еицырдыруа политикны дшыҟазгьы, ихы аӡыргара дашьҭамызт. Аколлектив дызлаз зегь рыхәҭа идыруан, ажәа ҟәышла драцәажәон. Ҳаргьы ҳаҭырла ҳизныҟәон. Ҿырԥшыгас дҳаман, иҿуҵааша рацәан", - иҳәеит Торчуа.
Беслан Торчуа иажәақәа рыла, Заур Адлеиба фҩык ахәыҷқәа драбын, урҭ иреиӷьыз ацәаҩақәа рылаиааӡеит, Заур иуаҩра атәы азгәаҭо, Торчуа иҳәеит, игәылацәа рахь изнеишьа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0