"Аҽазыҟаҵарҭатә зал ахьыҟоу аҭыԥ иақәыршәаны иаргьы еиҿкаатәын. Ҵыԥх акәашаҩцәа рҽахьазыҟарҵо азал ду ҟаҵаны ираҳҭеит. Иаанхеит ашәаҳәаҩцәа рзал, администрациа, иара убас адәахьтәи аусурақәа. Урҭ ирзоужьуп аа-миллион мааҭк, ашықәс нҵәаанӡа аусурақәа хыркәшатәуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Тәанба.
Иара убасгьы "Аԥсныргылара" аиҳабы иҳәеит иарбан уадаҩрақәоу аиҭашьақәыргыларатә усурақәа раан ирызцәырҵыз.
Тәанба еиҭеиҳәеит зеиҭашьақәыргылара цо егьырҭ акультуратә аобиектқәа ртәгьы. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Нестор Лакоба иҩны-амузеи, Баграт Шьынқәба иҩны-амузеи, иара убас Арӡынба ихьӡ зху аибашьратә фырхаҵара "Ахьӡ-аԥша" амузеи.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.